31.Жьҭаара.2023
Алада Ешыра аганахьала ареспубликатә трасса аҿы х-машьынак ааихеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Алада Ешыра аганахьала ареспубликатә трасса аҿы амҩа-транспорттә хҭыс ҟалеит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарратә автоинспекциа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ҭаниа.
«Ашьыжьымҭан, асааҭ 10 инарзынаԥшуа, Алада Ешыра аганахьала ареспубликатә трасса аҿы х-машьынак ааихеит. Амашьынақәа руак иԥгалоу амҩа ианыланы авариатә ҭагылазаашьа шьақәнаргылеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Асҭамыр Ҭаниа.
Ааха зауз ҩыџьа ахәышәтәырҭахь инагоуп.