АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Жьҭаара.2023

Аԥсны Ахәаахәҭара-ааглыхратә Палатеи Атрадициатә напҟазареи аҭыжьреи знапы алаку арабтәи аҭаацәарақәа Рфедерациеи аусеицуразы амеморандум рыбжьарҵеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент Ҭамила Мерцхулава Мохамед Абдель Бассет Аль-Кадах напхгара зиҭо Атрадициатә напҟазареи аҭыжьреи знапы алаку арабтәи аҭаацәарақәа  Рфедерациа аделегациа  лыдылкылеит.

Аганқәа аҵарадырратә программақәа реицынагӡара, азанааҭтәи аусуратәи аилазаарақәа рыбжьара  апартниортә еизыҟазаашьақәа рҳәаақәа арҭбаара, ацәыргақәҵақәеи аконференциақәа рымҩаԥгара аганахьала аҩганк реидгылареи реицхыраареи азԥхьагәазҭо амеморандум анапаҵаҩра мҩаԥыргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апресс-маҵзура.

Тамила Мерцхәлаа, асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, урҭ ареспублика ахь раара аҵакы ду шаҵоу азгәалҭеит: «Уи аԥснытәи итрадициатәу анапҟазареи урҭ рпотенциали рахь аинтерес ессааира ишазҳауа даҽазныкгьы иарҵабыргоит».

Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аҿы Атрадициатә напҟазареи аҭыжьреи знапы алаку арабтәи аҭаацәарақәа  Рфедерациеи Аԥсны ААП рыбжьара амеморандум абжьаҵара иҿыцу апроектқәа рыҿиареи Аԥсны аусдкылареи абизнеси рзы хра злоу аперспектива ҿыцқәа раартреи ишацхраауа азы агәыӷра аадырԥшуеит.

«Ҳара шәколлегацәеи шәареи шәҟынтәи иҳауз адкылара даара гәахәарыла иҳадаҳкылеит, иҭабуп ҳәагьы шәаҳҳәарц ҳҭахуп уи азы. Ҳара даара аинтерес ҳаман Аԥсныҟа аара, еиҳау аҩаӡаразы аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ҳазхиоуп. Ҳаидгылара ахықәы хадақәа иреиуоуп – иара абри ахырхарҭалеи абизнес маҷ аҿиара аганахьалеи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара. Арабтәи атәылақәа жәпакы аиԥш-зеиԥшу аԥышәа рыман, урҭ алҵшәа бзиақәа раарԥшрагьы рылшеит. Ҳара арахь ҳааит анаҩстәи аусеицура азы агәыӷра ҳаманы», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Мохамед Абдель Бассет Аль-Кадах.

Афедерациа ахада анапҟазацәа рцәыргақәҵа аиҿкаараҿы ацхыраара аҭара дшазхиоу азгәеиҭеит: «Иарбан тәылазаалакгьы иара ахатәы специфика амоуп, убри аҟнытә аиԥш-зеиԥшу аиԥыларақәа рҿы аганқәа аибадырра анаҩсгьы иҿыцу аидеиақәеи аԥышәеи рыла аимадара рыбжьарҵоит.  Ҳара акыр аамҭа ҵуеит Афедерациеи Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палатеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра гәҭакыс иҳамеижьҭеи. Абар уи алыршахеит. Ҳара ари аиқәшаҳаҭра ақьад аҿы мацара акәымкәа аԥсҭазаараҿгьы аус ауо аҟаҵаразы иҳалшо зегьы аҟаҵара ҳазхиоуп».

Аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны асасцәа акультура ԥыхьатәи аминистр, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә Зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа илԥылараны иҟоуп, аетнопарк «Аԥсны-парк», хазхаҭалатәи аҳаԥшьаӡратә студиақәа, иара убас аԥснытәи аилазаарақәак ирҭаараны иҟоуп. Анаҩс асасцәа аӡиа Риҵа аԥшӡарақәа дырбахоит.


Read 191 times - Аҩаша, 31 Жьҭаара 2023 13:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.