АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Жьҭаара.2023

Аԥсны Абанк аԥараҿырпы жәларбжьаратәи аԥараҿырпытә конкурс аҿы аиааира агеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амилаҭтә Банк ала иҭыжьу агәаларшәагатә ԥараҿырпы «Афон Ҿыц», XVII  жәларбжьаратәи аԥараҿырпытә конкурс аҿы аноминациа «Иоригиналтәу акомпозициа» аҿы ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит. Абри азы адырра ҟаҵоуп Аԥсны Абанк аофициалтә саит аҟны.

«Аԥараҿырпытә еҵәаџьаа» – Урыстәыла иахьаҵанакуа уаҳа здаҟам жәларбжьаратәи аԥараҿырпытә конкурс ауп. Уи шықәсырацәа зҵазкуа аҭоурых иҭагӡаны адунеи аҿы зегьы реиҳа зыхьӡ ҭыгоу еицырдыруа конкурсны иҟалеит. Аконкурс аиҿкааҩыс иҟоуп – Аҭыжьратә ҩны «Уотер Марк».

Аконкурс «Аԥараҿырпытә еҵәаџьаа» аҿы сынтәа рхы аладырхәит 18 тәыла рҟынтәи 23 лахәыла: ART MINT (Франциа), CIT Coin Invest AG, Лихтенштеин, Венгериатәи аԥараҿырпытә ҭыжьырҭа, Италиатәи аԥараҿырпытә ҭыжьырҭа, Downies - Австралиа, Нидерланды Акралтә ԥараҿырпытә ҭыжьырҭа, Литватәи аԥараҿырпытә ҭыжьырҭа, Бельгиатәи аԥараҿырпытә ҭыжьырҭа, Швеицариа Афедералтә ԥараҿырпытә ҭыжьырҭа, Урыстәылатәи Афедерациа Абанк Хада, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә Банк, Бырзентәыла Аԥараҿырпытә ҭыжьырҭа, уҳәа убас егьырҭгьы.

Аиааира згаз алыркаауеит апрофессионалтә ӡбаҩцәа. Урҭ реилазаараҿы иҟоуп адунеи иреиҳаӡоу амузеиқәа, аукционтә ҩнқәа, анумизматикатә еилазаарақәа, акоммерциатә банкқәа, аԥараҿырпы иазку иҷыдалкаау аҭыжьымҭақәа, уҳәа рыспециалистцәа.

Аноминациа «иоригиналтәу атехнологиа» аҿы ицәыргақәҵаз аԥараҿырпқәа ахәшьара рыҭара, урҭ рҭыжьра атехниа ахаҭабзиара, иҷыдоу атехнологиақәа рхархәара, аҩычара аҟаҵашьақәа, шамахамзар иуԥымло аматериалқәа рхархәара, иара убас иалхыз атехнологиатә знеишьақәа атема аартара ишацхрааз, уҳәа ҳасаб азуны имҩаԥысуан.  

Аԥараҿырпы «Афон Ҿыц» – асериа «Ареспублика Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа» иатәу апараҿырқәа хәба ируакуп.  Ари аԥараҿырпы «Пламет» ҳәа изышьҭоу акомпозитивтә материал иалху аҩныҵҟатәи асанҭыр (адиск) ала ишьақәгылоуп. Уи аԥштәы змоу аполиграфиатә сахьа зну аҩныҵҟатәи асанҭыри алиуминтә еиларҭәа злоу аметал иалху изаҷу адәахьтәи ауадыхәи рыла ишьақәгылоуп.  

 

 


Read 229 times - Аҩаша, 31 Жьҭаара 2023 13:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.