АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Жьҭаара.2023

Гагра араион аҿы аӷьычра ҟалеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьуӷаԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа дааныркылеит хыԥхьаӡара рацәала атәым мазара аӷьычраҿы игәҩароу Ҭҟәарчал араион Галхәыҷ ақыҭаҿы инхо Ҭоруа Гела  Славик-иԥа, ҳәа  адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Гагра араион Гиачрыԥшь ақыҭан зхаҭара шьақәыргылам аӡәы аҩны апластик иалху аԥенџьыр ԥҽны архьшәашәага, акаҳуаршыгамашьына, афымцамч амчхара аҭышәныртәалагақәа ҩба, апиццаӡыгақәа ҩба, аӡрыжәтә азы акулер ӷьычны аҭыԥ аҟынтәи иҽӡаны дцеит.  

Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусзуҩцәа ари ацәгьоураҿы игәҩароу ихаҭара шьақәыргыланы дааныркылеит. Гела Ҭоруа ихароу аҿы дақәшаҳаҭхеит.   

Аусеилыргара мҩаԥнагоит Гагра араион аусеилыргаратә ҟәша. Гела Ҭоруа иганахьала ахьырхәра аҳасабала изалхуп – абаандаҩтәра.


Read 259 times - Аҩаша, 31 Жьҭаара 2023 14:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.