АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Жьҭаара.2023

Жьҭаарамза 31 – Жәларбжьаратәи амшн Еиқәа Амш азгәарҭоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаармза 31 рзы иазгәарҭоит Амшын Еиқәа Жәларбжьаратәи Амш.

26 шықәса раԥхьа, жьҭаарамза  31, 1996 шықәса рзы Сҭампыл ақалақь аҿы Амшын Еиқәа иаԥну аҳәынҭқаррақәа фба — Болгариа, Румыниа, Ҭырқәтәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, Украина рыбжьара — Амшын Еиқәа ареабилитациа иазку ауснагӡатәқәа рзы астратегиатә План рнапаҵыҩра мҩаԥысит. Убасҟангьы ари аекологиатә ныҳәа аԥҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит. Аплан амшынтә ҵакыра ганрацәалатәи аҭҵаара ашьҭахь еиқәыршәан.

Аҭҵаарақәа ишаадырԥшыз ала, уи аԥсҭазааралшара аҵыхәтәантәи ҩажәижәаба шықәса ирҿырԥшны уахәаԥшуазар акыр еицәахеит, иарбоу аӡытә ҵакыра ауникалра злоу аԥсабаратә комплексқәа рыиаӡаара азы ашәарҭара ду шьақәгыланы иҟоуп. Амшын Еиқәа иаҿықәгылоуп Урыстәыла, Украина, Румыниа, Болгариа, Ҭырқәтәыла, Аԥсны, Қырҭтәыла. Амшын Еиқәа Жәларбжьаратәи Амш ахықәкы хаданы иҟоуп амшын аҿы мҽхакы ҭбаала аԥсыӡкра, аӡы ааглыхратә црыҵқәа алагалара, иара убас аглобалтә ԥхаррахара, уҳәа ирыхҟьаны иаиуа аԥхасҭа азы адыррақәа жәларбжьаратәи ауаажәларратә еилазаара аҟынӡа анагара.  

Амшын Еиқәа – Атлантикатә океан абасеин аҩныҵҟатәи амшын ауп. Уи аӡыбжьында Босфор ала Амармалташьтә мшын иадлоит, анаҩс, аӡыбжьында Дарданелла ала — Егеитәи Адгьылбжьаратәи амшынқәа ирыдлоит.  Керчтәи аӡыбжьында Амшын Еиқәеи Азовтәи Амшыни еиднакылоит.

Амшын Еиқәа аҵакыра –  422 нызықь ԥшьыркцатә километр рҟынӡа инаӡоит, амҽхак – 555 нызықь 00 акубтә км. рҟынӡа инаӡоит,  иреиҳаӡоу аҵаулара— 2210 метра.

Раԥхьаӡа акәны амшынеиқәатә ҵауларақәа рҿы атыҩшаӡри рацәаны аҟазаара шьақәырӷәӷәан 18 ашәышықәса анҵәаҭазы аурыс аокеанографикатә експедициа имҩаԥнагаз аҭҵаарақәа ирылҵшәаны. Анаҩстәи аҭҵаарақәа атыҩшаӡри амшынеиқәатә басеин аҵауларақәа зегьы рҿы ишыҟоу аадыԥшит. Атыҩшаӡри амшынӡы аҿы аҟазаара еиҳахоит 2 км. рҟынӡа иҟоу аҵаулараҿы. Аспециалистцәа ирҳәо хауҵозар, Амшын Еиқәа аҿы иҟоуп 3 миллиард тонн инарзынаԥшуа атыҩшаӡри, уи апланета аҿы иҟоу иарбан мшынзаалагьы аҿы иҟоу аасҭа акыр еиҳауп.

Амшын Еиқәа аҿы изызҳауа аӡҵиаақәа 270 хкы рҟынӡа инаӡоит.  Араҟа иҭоуп 2,5 нызықь хкы инареиҳаны аԥстәқәа.  

Амшын Еиқәа аҿы иҟоуп х-хкык рҟынӡа адельфинқәа – «афалина», «белобочка», «амшын ҳәа», даҽакала иуҳәозар «азовка» ҳәа изышьҭоу, иара убас акула ахкы иаҵанакуа – катран.

150-200 метра еиҳау аҵауларақәа рҿы атыҩшаӡри ахьырацәоу инамаданы, зынӡа аԥсҭазаара ыҟаӡам.  

Амшын Еиқәа иҭоуп иара убас асҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло ашҳам аузышьҭуа – амшынтә блаҩа (морской дракончик) ҳәа изышьҭоу аԥсыӡ.  Афосфор злыҵуа аӡҵиаақәа аԥхын аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы амшынӡы дырлашоит.

Антикатә аамҭахәҭа азы Амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы иҟан Херсонес,  Ольвиа, Пантикапеи, Фанагориа, Питиунт, Диоскуриада, Гиуенос, Фазис, уҳәа реиԥш иҟаз ажәытәтәи абырзентә калониақәа.  

Амш Еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуа ажәытәӡатәи аамҭақәа инаркны ауаҩы дахьықәынхо инамаданы, уи аекологиатә ҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Амшынӡы аҟьашьра амзыс хадақәа ириуоуп адәқәа рҟынтәи аминералтә рҵәырақәа злоу ацрыӡқәа, анефти анефтаалыҵқәеи, иара убас ауаҩы иԥсҭазаара иахылҿиаауа ацрыҵқәеи амшын ралалара.

Амшын Еиқәа Жәларбжьаратәи Амш аҽны Амшын Еиқәа апроблемақәеи уи ауникалра злоу аекосистема аиқәырхареи ирызкны еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа—аконференциақәа, астол гьежьқәа, ацәыргақәҵақәа, еиуеиԥшым авидеорбарақәа мҩаԥысуеит.

 

 

 


Read 378 times - Аҩаша, 31 Жьҭаара 2023 14:53
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.