Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амш. Атеррор миллионҩыла акгьы зхарамыз Асовет Еидгыла ауааԥыра рыԥсҭазаара ҿахнаҵәеит. Аԥсуа жәлар ракәзар уи акыр ааха ду рнаҭеит. XX ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа рзы быжь-нызықьҩык инареиҳаны арепрессиақәа ирықәыршәахеит.
Аԥсны ХХ ашәышықәса 30 – 40-тәи ашықәсқәа рзы иҟаз аполитикатә репрессиақаа быжь нызықь ҩык инареиҳаны ирылаӡит. Арепрессиақәа ирықәшәаз рсиа аҿы иҟоуп еиуеиԥшым амилаҭқәа, азанааҭқәа ирыҵанакуа ауаа, урҭ реиҳараҩык 20 – 35 шықәса зхыҵуаз макьаназы иқәыԥшыз ауаа ракәын.
XV Аԥсуа партконференциа ахь иалхыз Қырҭтәыла Акоммунисттә Партиа Аԥснытәи аобком 51-ҩык алахәылацәа рҟынтәи лаҵарамза, 1937шықәсазы арепрессиақәа ирықәыршәан, анаҩсгьы иреихсны ишьын 39-ҩык ауаа.
1936 шықәсазы иалхыз Аԥсны ЦИК 120-ҩык алахәылацәа рҟынтәи арепрессиақәа ирықәыршәын 78-ҩык. 1937 шықәса инаркны 1942 шықәсанӡа Аԥсны анаукатәии арҿиаратәии аинтеллегенциа ахаҭарнакцәа реиҳараҩык ҭархан.
Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амш Аԥсны 2006 шықәса инаркны иазгәарҭоит. Убасҟангьы иаԥҵан Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу аполитикатә репрессиақәа иақәыршәаз рреабилитациа азы Акомиссиеи еихьӡылоу Ассоциациеи.
Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа Аҟәа ақалақь, Апарламент аҿаԥхьа иҟоу асквер аҿы ишьақәыргылан жьҭаарамза, 2011 шықәса рзы. Амонумент иалакьакьо адаҷ зкәыршоу ахаҳә ду асахьа амоуп. Абаҟа автор – асахьаҭыхыҩ Зураб Ҭыжәба.