АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Жьҭаара.2023

Аҟәа ақалақь аҿы жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза акомплекстә еиҭашьақәыргылара азы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥысит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, жьҭаарамза 27 рзы Аҟәа ақалақь аҿы В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза акомплексттә еиҭашьақәыргылара азы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ацеремониа мҩаԥысит. Ацеремониа ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Зҭаԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаареи «Инфраструктурное Развитие» аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи апартниорра азы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.  Аиқәшаҳаҭра аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара хықәкыс иҟаҵаны В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» амазаратә комплекс ареконструкциа амҩаԥгара иазкуп.

Аусшәҟәы анапаҵыҩра Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика Аминистрреи аинвестор иалкаара азы имҩаԥыргаз аконкурс аихшьаалақәа рыла имҩаԥысит.  

Аиқәшаҳаҭра анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны аеродром ахархәаратә хәарҭахара еиҭашьақәыргылахоит. Аинвестор зоура 3 100 метра, зыҭбаара 45 метра рҟынӡа инаӡо ашҭыԥраарҭа-тәаратә цәаҳәа ареконструкциа мҩаԥигоит, уи иабзоураны ҳаамҭазтәи урыстәыла иҭрыжьыз реиԥш аҳәаанырцә иҭрыжьызгьы аҳаирпланқәа рыдкыларазы алшара ҟалоит.  Ашьҭԥраара-тәарҭатә цәаҳәаҿы аҭатәаразы аинструменталтә ҭаларазы амыруга, иара убас ИКАО актәи акатегориа иаҵанакуа аԥыррақәа   алашарасигналтә реиқәыршәара алзыршо асистема.

Апроект ала иазԥхьагәаҭоуп аеродром аҿы иҿыцу амашәыр-еиқәырхаратә станциа аргылара, иара убас аӡышьҭратә-дренажтә система, арыцқьаратә еиқәыршәыгақәа рышьақәыргылара, аҳаирпланқәа аҵаа рықәлара  аҟынтәи аус рыдулара иазу аплошьадка аргылара, уҳәа убас жәларбжьаратәи астандартқәа  инарықәыршәаны егьырҭ аобиектқәеи аусмҩаԥгатәқәеи.   

Иргылахоит иара убас иҿыцу апасаџьыртә терминал, ирҿыцхоит аҳаирбаӷәаза аҭоурыхтә хыбра аҭеиҭыԥш. Атерминал ҿыц акәша-мыкәша еиҿкаахоит зымҽхак ҭбаау апарктә зона. Аҳаирбаӷәаза аҭоурыхтә хыбра аҿы аофициалтә хаҿқәеи аделегациақәеи рыдыркылалоит. Иҿыцу аҳаирбаӷәазатә комплекс ҿыц  сааҭк иалагӡаны иаунажьыр алшоит 1300-ҩык апассаџьырцәа.

Атерминал ҿыц аргылара инаваргыланы, аҳаиртә баӷәазаҟны иргылахоит ма еиҭашьақәыргылахоит административтә-усеиҿкааратә хыбрақәа, иҷыдоу атранспорти арҽеиратә усурақәеи ирызку амаҵзурақәа рзы аргыламҭақәа, абылтәыҭаҭәарҭатә комплекс.

«Аԥсны Аҳәынҭқарразы аҳаиртә баӷәаза аусура аиҭахацыркра, ҳәарада, акрызҵазкуа хҭысуп. Ишдыру еиԥш, ари аԥхьа апроект анагӡаразы аԥҟарақәа ҳәаақәызҵо Аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра азырхиара иазкыз аусура ду мҩаԥган.

Иахьа изҵаҩу аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра ишьақәнаргылоит аҿҳәара, аԥҟарақәа, акомплекс арҿыцреи аиҭашьақәыргылареи  ирзоужьхо афинансқәа рымҽхаки уинахыстәи ахархәара шымҩаԥысуеи ртәы.

Аҳәынҭқарра иахатәтәны инхоит аеродром, аеродромтә инфраструктура, аҳаиртә вокзал аҭоурыхтә хыбра, ҩ-ҵакык змоу аобиект астатуси ахьӡи «В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәа ақ. Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза». Ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшуп апроект анагӡаразы еицаҳзеиԥшу аусура. Агәра ҳгоит, аҳаиртә баӷәаза аусура ҳтәыла аҿиара иацхраауа ак акәны ишыҟало", - лҳәеит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.

Рашид  Нургалиев, ЗҲӘА «Аинфраструктуратә ҿиара» зхатәу, Аԥсны анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит ирыдигалаз аҳаиртә баӷәаза арҿыцразы апроект адгылара ахьарҭаз. «Аԥсны аԥсшьарҭақәа рахь атуристцәа иаадырԥшуа аинтерес есышықәса иазҳауеит. Аҳаиртә баӷәаза аартра иабзоураны аԥсшьаҩцәа ирласны, насгьы иманшәаланы Аԥсны акурортқәа рҭаара  алнаршоит», - ҳәа иҳәеит иара, иагьазгәеиҭеит  ҳаамҭа иақәшәо аҳаиртә баӷәаза ареспублика иамоу атуристтә лшара анагӡара ишацхраауа.

«Ҳара нап аҳаркуеит зымҽхак ҭбаау апроект анагӡара, аԥхьа игылоу хықәкуп - аеродром аиҭашьақәыргылара. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны аперрон ырҭбаахоит, ирҿыцхоит аԥсҟы мҩақәеи ашьҭԥраара-тәарҭатә цәаҳәеи, иара убас алашарардыргала еиқәыршәахоит. Уи хымԥада иаҭахуп Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аимадара ахацыркразы», - ҳәа иҳәеит Зҭакԥхықәар Ҳәаақәҵоу Аилазаара "Аинфраструктуратә ҿиара" адиректор хада  Сергеи Грибков. Иара убас иазгәеиҭеит иуникалтәу аҳаирвокзалтә комплекс аргылара ишалаго, агәра шиго иҳәеит  Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыреи аԥсшьаҩцәеи Аҟәа аҳаиртә баӷәаза  ишақәнагоу еиԥш ахә шыршьо.

Анапаҵаҩра иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза - аминистр Александр Анқәаб, Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аԥыза –аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.

 

 

 

 


Read 458 times - Асабша, 28 Жьҭаара 2023 12:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.