АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Ԥхынгәы.2023

Беслан Бигәаа Очамчыра араион аҟынтәи Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа дырԥылеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа иаԥшьгарала Очамчыра араион аҟынтәи Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Алмас Акаба, Венори Бебиа, Вахтанг Голанӡиеи Баҭал Џьопуеи реиԥылара мҩаԥысит.

Араион ахада 2023 шықәса актәи азыбжазы имҩаԥгаз аусуреи ааигәа иазԥхьагәаҭаны иҟоу аусмҩаԥгатәқәеи рзы адепутатцәа адырра риҭеит.

Аиԥылара аҿы иара убас  егьырҭ актуалра злоу амшхәаԥштә зҵаарақәа жәпакы ирылацәжәеит.


Read 195 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.