АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Ԥхынгәы.2023

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра «Аанкыла» аплан рыланаҳәеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ахаша, ԥхынгәымза 19, асааҭ 15:00 инарзынаԥшуа, Гәдоуҭа араион Абӷархықә ақыҭан 1972 шықәсазы ииз Аҳәба Ҭемыр Валери-иԥа  дызшьыз ахаҿы еилкаареи иаанкылареи иазырхоу аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ркоординациа азы аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.  Абри азы «Аԥсны.иахьа» ахь адырра ҟалеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟынтәи.

Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи  аусқәа рыҟәша аҟны аоперативтә штаб аус ауеит.

Аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәуеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә ҟәшеиҵақәа, Ирласны анырра азы Иҷыдоу Аотриад, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра акинологиатә маҵзура, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра.  «Аанкылара» аплан рылаҳәоуп.  


Read 214 times - Асабша, 22 Ԥхынгәы 2023 12:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.