АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Ԥхынгәы.2023

Ҭемыр Аҳәба ишьра инамаданы аусеилыргара хацыркуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 19, 2023 шықәса рзы Гәдоуҭа араион апрокурор Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 1 гәҭакыла ауаҩшьра) , ахәҭаҷ  217 ахәҭа 1 (иҭҟьо амцабџьар изакәанымкәа аҵәахра, аныҟәгара, аиагара) инарықәыршәаны, 1972 шықәсазы ииз Аҳәба Ҭемыр Валери-иԥа гәҭакыла ишьразы, макьаназы зхаҭара шьақәыргылам ахаҿы иганахьала ашьаусеилыргара хациркит.  Ауаҩшьра ҟалеит Гәдоуҭа араион Абӷархықә ақыҭан асааҭ 15:00 инарзынаԥшуа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Уажәы аоператив-усеилыргаратә гәыԥ ацәгьоура ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы аилкааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагоит. Азинхьчаратә усбарҭақәа ари ацәгьоура ҟазҵаз ауаҩы еилкаареи иаанкылареи рзы адҵа рыҭоуп.

Ҭемыр Аҳәба ахьыӡҷыда «Динрид» ҳәа еицырдыруаз «акриминалтә авторитетны» дыҟан.


Read 233 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.