АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Ԥхынгәы.2023

Игорь Ахба «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианаршьеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала, Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аҟны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Ахба Игорь Мураҭ-иԥа «Ахьӡ-Аԥша» аорден  II аҩаӡара ианеишьеит.  

Игорь Ахба Урыстәыла иҟоу Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩыс дыҟан.

Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Алхас Кәыҵниа Игорь Ахба ари иҳараку аҳәынҭқарратә ҳамҭа аиура идиныҳәалеит, иара убас аԥсны-урыстәылатәи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи аус аҿы илагала дууи шықәсырацәа инеиԥынкыланы Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ахада имаҵураҭыԥ аҿы алҵшәа бзиала иусуреи рзы иҭабуп ҳәа еиҳәеит.

Игорь Ахба Аԥсны Анапхгара иусура ахәшьара ҳарак ахьарҭаз азы иҭабуп иҳәеит, иара убас Ацҳаражәҳәарҭа аколлектив зегьы ари аҭакԥхықәра зцу аусураҿы рлагала инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Игорь Ахба Урыстәыла иҟоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи Ацҳаражәҳәарҭа адипломатцәа зегьи рнапы зларкуа аусқәа зегьы рҿы аихьӡарақәеи аманшәалареи рзеиӷьаишьеит.   


Read 179 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.