АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынгәы.2023

Геннади Онишьенко Аԥсны, Белорусиа, Киргизиа атәылақәа рҟынтәи ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аԥсны  Sputnik амультимедиатә пресс-центр аҿы ахаша, ԥхынгәымза  12 рзы жәлрбжьаратәи агентра Sputnik  «Агәабзиара ашәарҭадареи ааигәатәи аҳәаанырцәтәи атәылақәа рыҟны  акурорттә ԥсшьараамҭеи» атема ала  авидеоцҳа  Москва-Минск- Аҟәа - Бишкек  мҩаԥгахеит.

Апресс-конференциа аформат ала ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵон Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа академик, Урыстәылатәи аҵарадырра Академиа апрезидент ихаҭыԥуаҩ  Геннади Онишьенко.

Аҟәа.

Аԥсны аганахьала аиԥылара амодератор Инал Лазба изҵаарақәа ареспублика аҿы аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иҟалаз ақәаршҩы ӷәӷәа ахҟьа-ԥҟьақәа ирыдҳәалахеит: амшын аҭалара анбаҟало, анхамҩатә фонд аӡы аҵалара инамаданы аҿкы чымазарақәа рылаҽра азы ашәарҭара ыҟоу иҟаму.

Геннади Онишьенко Амш Еиқәа ахала аҽарыцқьаразы иамоу алшара ҳаракуп, убри аҟнытә ақәоурақәа рышьҭахь  уахыки-ҽнаки анҵлак ашьҭахь уи аҭалара ҟалоит ҳәа иазгәеиҭеит. Аинфекциақәа ртәы акәзар, аӡы зқәылаз аҭыԥқәа рҿы агепатит уахь иналаҵаны, урҭ зхылҿиаауа егьырҭ авирусқәеи абактериақәеи ыҟазар алшоит. Аха убри аан, Геннади Онишьенко аҭыԥантәи аспециалистцәа «ауааԥсыра аҽкы чымазарақәа рылаҽра рацәыхьчаразы аҭагылазаашьа иахәҭоу ахылаԥшра шарҭо» азы агәрагара ааирԥшит.

Даҽа зҵаарак аҳақьымцәа рабжьгарақәа рыда Аԥснытәи аӡырԥхақәа рхархәара ашәарҭадара иазкын.

Геннади Онишьенко аӡырԥхақәа рхархәараан агәҽанызаара аарԥшлатәуп, аиҳарак арадонтә процедурақәа, уи ишабалак ала азнеира ҟалаӡом ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

«Иарбанызаалак ахәшә - ари ашҳам ауп, уи ишәа-иза адкылараан ауп ахәарҭа анацу. Иара убас, дарбанызаалак ауаҩы иарбоу апроцедура аҟынтәи инырра еиԥшымзар ҟалоит, убри аҟнытә ас еиԥш апроцедурақәа аҳақьым дадгаланы мацара ауп ишымҩаԥгалатәу», - ҳәа агәҽанызаара ҟаҵо иҳәеит иара.  

Минск

Минскктәи аколлегацәа аномалла иҟоу ашоура ахҟьаԥҟьақәас иаиурц зылшо – иҿыцу аҿкы чымазарақәа рцәырҵра азы ашәарҭара ыҟоу иҟаму азы азҵаара ықәдыргылеит.  

«Амра зегьы ақәҳамҵалап. Ашоура усҵәҟьа иҟам, иҿыцу аҿкы чымазарақәа цәырҵыртә еиԥш, насгьы шәара шәтәыла аҿы аӡыла аиқыршәара иазку аинфраструктура уақәгәыӷыртә еиԥш аус ауеит», - ҳәа иҳәеит Геннади  Онишьенко.

Каховтәи Аӡфымцатә Станциа аԥжәара инамаданы Украина  иаԥну  аҵакырақәа рҿы аинфекциақәа, холера ҳәа изышьҭоу аҿкы чымазара уахь иналаҵаны, алаҵәара азы ашәарҭара ыҟоу иҟаму азы азҵаарагьы ықәыргылан.   

Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа академик, ас еиԥш ашәарҭара ыҟоуп, аха заанаҵы ашәаӡыӡара аҭахны иҟам ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

«Аӡхыҵра ахьыҟалаз аҭыԥқәа рҿы аҳақьымцәа аус руеит, ишьақәыргылоуп амшьамбақьалатә еиланхарҭа, хыҵакырҭада иаанхаз ауааԥсыра фатәи-жәтәи рыла реиқәыршәара еиҿкаауп, аҭагылазаашьа аҿиара ахылаԥшра ӷәӷәа амоуп.  Ахолератә ембрион аарԥшхар, усҟан ҳара иаадыруеит уи ачымазара ҿкы аларҵәара аԥхьырҟәҟәаара азы иҟаҵатәу», - ҳәа аҭак ҟаиҵеит иара.

Бишкек

Бишкектәи ажурналистцәа рызҵаара аӡиа  Иссык-Куль аҿы аԥсшьара аинфекциатә чымазарақәа рганахьала ашәарҭадара иазкын. Уи аҭак ҟаҵо Геннади Онишьенко  акызаҵәык шәарҭарас иҟоу ари аӡиа ашьхаҳаракыратәны иахьыҟоу инамаданы, ирласны амра ӷәӷәаны акреи амрашәахәақәа рыԥхарра амыцхәреи роуп ҳәа иҳәеит. аҭак ҟаиҵеит.  

 

 


Read 254 times - Ахаша, 12 Ԥхынгәы 2023 18:50
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.