АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Ԥхынгәы.2023

Аслан Бжьаниа ақәыршҩы ӷәӷәа иахҟьаны ааха зауз Гагра араион ақыҭақәа дырҭааит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа ԥхынгәымза 8 – 9 рзы иауз ақәыршҩы ӷәӷәа иахҟьаны ааха зауз Гагра араион ақыҭақәа дырҭааит.

Алаҳаӡы ақыҭан 250 инареиҳаны ахатәы ҩнқәа аӡы рыҩналеит, иара убас аҩақәа ирныз акаҭран ҵнаӡәӡәааит.  

Убасҵәҟьа иҟоуп Лӡаа ақыҭангьы аҭагылазаашьа. Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны ахатәы ҩнқәеи асасааирҭаҩнқәеи амҩақәеи ӷәӷәала аԥхасҭа роуит.  

Аԥслымӡ, ахаҳәқәа, иҵнажәаз аҵлақәа рымахәқәа, уҳәа амҩа иҿықәнагалаз агәам-сам автотранспорт аныҟәара акыр иаԥырхагоуп. Аԥсыӡзауад ахь инагоу амҩа ахәҭак ыҵнаӡәӡәааит.  

Атуристцәа аӡрыжәтәи ачеи рыла реиқәыршәара аиҿкаара алыршаразы Аҳәынҭқарра Ахада иахь аҳәара ҟарҵеит. Иара убас ахәыҷыфатә анагаразгьы аҳәара ҟаҵан.

Аԥсшьаҩцәа иара убас дара рцара ауртә еиԥш амҩақәа ррыцқьара анбазалыршахо ҳәа иазҵаауан.

«Аӡы ауаа ӷәӷәала аха рнаҭеит. Хыԥхьаӡара рацәала атранспорт ԥхасҭахеит, ауаа рмазареи ркоммуникациақәеи ааха роуит. Уи знапы алаку аусбарҭақәа  уахи-ҽни аус руеит, аҭыԥантәи анахгара иахәҭоу ауснагӡатәқәа зегьы мҩаԥнагоит.  Излауа ала иаарласны ари аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа рықәгара алыршахоит. Ӡыла аиқәыршәара, афымцамч анагара, амҩақәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥгахоит», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аԥхасҭа зауыз аҭыԥқәа рыҟны дахьнеиуаз Аҳәынҭқарра Ахада ажәа риҭеит аҭыԥантәи ауааԥсырагьы атуристцәагьы аӡи афатәи налаҵаны, иақәнагоу зегьы рыла ишеиқәыршәахо. Иара убас уи иҳәеит ацхыраара зҭаху зегьы ишрыҭахо.

Аслан Бжьаниа зегьы ргәы ирҭынчит ас еиԥш аҭагылазаашьа уадаҩ аан аҳәынҭқарра иалшо зегьы шыҟанаҵо, араионқәеи ашәарҭадареи шеиҭашьақәыргылахо раҳәаны.

«Аҭыԥантәи ауааԥсыреи атуристцәеи ихыԥадатәиу зегьы рыла еиқәыршәахоит», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

 


Read 163 times - Аҩаша, 11 Ԥхынгәы 2023 11:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.