Аихамҩақәа рыхәҭак ӡнаӡәӡәааит. Убри иахҟьаны аамҭала адәыӷбақәа рныҟәара аанкылахеит.
«Иҟалаз арыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы хархәара рыҭоуп 22 цыра иҷыдоу атехника, 200-ҩык ауаа алархәуп. Амҩа рҽеиратә усбарҭа арыцқьаратә усурақәа мҩаԥнагоит. Амҩақәа ррыцқьарақәа мҩаԥысуеит Гагра ақалақь аҟны. Лӡаа, Алаҳаӡы, Бзыԥ аҳаблаҟны амҩақәа ррыцқьара анаҩс, ахатәы ҩынқәа рҟынтә аӡқәа
ҩныргоит», – ҳәа иҳәеит Иури Ҳагәышь.
Гагра араион аҿы иҟалаз ақәыршҩы иахҟьны Бзыԥҭа аҳаблаҿы иҟоу амилициа аҟәша ахыбра, иара убас Пицунда ақалақь аҿы акультура Аҩны ааха роуит, Гагра ақалақь аҿы иҟоу ахәыҷбаҳча «Мрамза» актәи аихагыла аӡы ыҵалеит.
Уажәы аҩнеихагылақәа рыгәраҵақәа рҿы иҵалаз аӡы аҟынтәи арыцқьарақәа мҩаԥысуеит. Амҩақәа ррыцқьареи реиҭашьақәыргылареи иазку аусурақәа мҩаԥысуеит. Урҭ ирылахәуп 200 – ҩык инарзынаԥшуа ауаа, 7 тракторк, 15 цыра аидарамҩангагатә машьына дуқәа (КАМАЗ),
Аҳәынҭқарра Ахада автотранспорттә ныҟәара аиҭашьықәыргылара залыршома ҳәа иҟаиҵаз азҵаара аҭак ҟаҵо, Иури Ҳагәышь амҩақәа рыҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгоуп, араҟа хара имгакәа амашьынақәагьы аныҟәара иалагоит ҳәа иазгәеиҭеит. Иацы, Бзыԥ аҳаблаҿы, абылтәыҭаҭәарҭа «Ахәырбӷьыц» азааигәара ирацәаны ахаҳәи-мҿыҳәи ықәнагалеит, аха ҩба-хԥа сааҭ ирылагӡаны ари амҩа арыцқьара алыршахеит.
Ақәршҩы ӷәӷәа иахҟьаны иҵнаӡәӡәааит 250 метр рҟынӡ аихамҩа, аха ашпалақәа ааха рмоуӡеит.