Аҟәа. Ԥхынгәыза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гал араион ахада Константин Ԥлиа ԥхынгәымза 10 рзы, араион ахада ихаҭыԥуаҩцәа, аҟәшақәа реиҳабацәа, араион аструктуратә ҟәшеиҵақәеи амаҵзурақәеи рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Аусуратә еилатәара иалахәыз араион аҿы ақәаршҩы аура инамаданы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа азы адырра ҟарҵеит.
Ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭа адыррақәа рыла, аҩнқәа аӡы рыҵамлаӡеит. Аҵыхәтәантәи ҩы-шықәса рыла Аусбарҭа ала ақәаршыҩншьҭахьтәи аҩнқәа аӡы рыҵалара аԥхьырҟәҟәаара азы мҽхакы ҭбаала аусура мҩаԥнагеит.
Ақалақь аҿы иааиԥмырҟьаӡакәа аӡҩаршьҭрақәа рыҭрыцқьаара мҩаԥыргоит. Иара аҭыԥантәи ауааԥсырагьы арҭ аусурақәа активла рхы аладырхәуеит.
Араион Ахадара аринахысгьы ари апроблема ахшыҩзышьҭра ду аҭареи иҷыдоу аҭыгылазаашьақәа рыҟалара аԥхьырҟәҟәаареи рзы иалшо зегьы аҟаҵара иазхиоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Гал-медиа.