АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Ԥхынгәы.2023

«Акурорт Пицунда» акорпусқәа 70 номер рҟынӡа аӡы рыҵалеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апансионатқәа Реидгыла «Акурорт Пицунда» акорпусқәа рҿы илеиз ақәаршҩы иахҟьаны  70 номер инарзынаԥшуа аӡы рыҵалеит.  Абри азы ԥхынгәымза  8 ауха инаркны ԥхынгәымза 9-нӡа  иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа ирызкны Гагра араион Ахадараҿы имҩаԥгаз аусуратә еилатәара аҿы адырра ҟаиҵеит атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба.

«Аӡы рыҵалеит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаԥырымгац ажәытә хыбрақәа. Ауаа егьырҭ аномерқәа рҿы индырхеит, уи инамаданы уадаҩра ҳәа акгьы ыҟаӡам. Ааха заузгьы ыҟаӡам»,- ҳәа иҳәеит иара.

Аминистр ишазгәеиҭаз ала, афымцатрансформатор аусура еиԥҟьеит, уи аҟәаршҩы анауз ауха аӡы аҵалеит.

«Уажәы атрансформатор дырбеит, уи аус ауеит, аха ҩаԥхьа ақәаршҩы аура иалагар, усҟан «Акурорт Пуцунда» зынӡа фымцалашарада иаанхар алшоит», –  ҳәа иҳәеит Ҭеимураз Хышба.


Read 193 times - Аҩаша, 11 Ԥхынгәы 2023 12:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.