АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Ԥхынгәы.2023

Гәылрыԥшьи Очамчыреи араионқәа рҿы иҟалаз ақәаршҩы иахҟьаны 20-ҩны инарзынаԥшуа аӡы рыҵалеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иҳаҩсыз ауха иҟалаз ақәаршҩы иахҟьаны Гәылрыԥшьи Очамчыреи  араионқәа рҿы 20 инарзынаԥшуа ахатәы ҩнқәа аӡы рыҵалеит.

«Аиқәырхаҩцәа аӡы зҵалаз аҩнқәа рыгәраҵақәа рҿы аӡы аҭыгара иаҿуп. Ҭыԥқәак рҿы иҵыхжәаз аҵлақәа Очамчыреи Гали Ҭҟәарчали еимаздо автотрасса ианыҳалеит. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Амнистрра аусзуҩцәа икаҳаз аҵлақәа хәҭа-хәҭала иԥҟаны амҩа ианыхны иқәганы иргеит, иара убри ала автомашьынақәа рныҟәара еиҭашьақәыргылахеит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.


Read 248 times - Аҩаша, 11 Ԥхынгәы 2023 15:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.