Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» Гагра ақалақь аихамҩатә вокзал аҿы ааигәа иҟалаз аԥсабаратә цәырҵра ахҟьа-ԥҟьақәа рықәгара мҩаԥнагеит. Гагранӡа аихамҩатә ныҟәара еиҭашьақәыргылоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥснытәи аихамҩа апресс-маҵзура.
Уажәы аусурақәа мҩаԥысуеит «Гагра – Бзыбь» акаҵар аҿы.
Зынӡа инагӡаны аихамҩатә ныҟәара аиҭашьақәыргылара ԥхынгәымза 12 ахәылбыҽханӡа иазԥхьагәаҭоуп.
Аԥсныҟа иаауа апассаџьыртә дәыӷбақәа аиҭашьақәырыгылартә усурақәа рымҩаԥгара аамҭа иалагӡаны аихамҩатә станциа Цандрыԥшь иаанкылалоит, анаҩс уаантәи апассаџьырцәа автобусқәа рыла доусы рхы ахьхоу аҭыԥқәа рахь рнагара еиҿкаауп.
Убасҵәҟьа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ицо апассаџьырцәа рызгьы автобустә еимадара еиҿкаауп.