«Аԥшааратә усмҩаԥгатәқәа иуадаҩыз аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа рҿы имҩаԥысуан, амш акыр ицәгьан, ӷәӷәала аԥша асуан, ақәаршҩы ауан. Ирыԥшааз ахаҵа ишьапы хәны иҟан, уи раԥхьатәи амедицинатә цхыраара иоуит, анаҩс дахьынхо аҭыԥ аҟынӡа инагара еиҿкаан», - ҳәа иазгәаҭоуп иҟоу адырра аҿы.
Аҭыԥантәи ахьчацәа дрыцны Рамаз Ҵәыџьба ашьхаҳаракыратә раион ашьхацәҳәыратә ҳәырҭақәа рҿы дыҟан. Агәыԥ шьҭахьҟа рыхынҳәраан иара егьырҭ иҩызцәа рышьҭахь даанхеит, анаҩс урҭ зынӡагьы ицәыӡит. Аԥшаара-еиқәырхаратә операциа иҳаҩсыз ахәаша азы ихацыркын.