«Уи абжьааԥны аҵкьыс акыр еиҵоуп, избан акәзар амшцәгьа ҳара ҳҿы адагьы Шәачеи Адлери иҟан. Ҳара аиҳарак иаҳҭаауа мышкы заҵәык ҳәа иаауа атуристцәа роуп, убри аҟнытә Шәачантәи макьана атуристцәа мыҷуп», – ҳәа адырра ҟаиҵеит иара.
Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк адиректор амҩа аԥырхага амоуӡеит, аха иԥсабаратәым ашьақәыргыларақәа рҭагылазаашьа агәаҭаразы макьаназы алшара ыҟаӡам ҳәа иазгәеиҭеит.
«Макьаназы урҭ ргәаҭара азы алшара ыҟаӡам, избан акәзар уи аӡиас аганахьала ауп аҟаҵара шахәҭоу. Уажәы аӡис даара иаӷьны иаауеит, убри аҟнытә макьаназы иарбоу аусурақәа рымҩаԥгаразы алшара ыҟаӡам. Аӡиас аиасра маҷк ишааиқәтәалак еиԥшҵәҟьа аӡы аҩаӡара еиҳа ианылаҟәлак, ҳара аусурақәа рынагӡара ҳалагоит», - ҳәа иажәа хыркәшо иазгәеиҭеит иара.