Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ҩбаны иҟоу атәылауаҩра азы ирыбжьарҵыз аиқәшаҳаҭра аратификациа азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Зыӡбахә ҳәоу цәыббрамза 27, 2022 шықәсазы Москва ақалақь аҿы знапаҵыҩра мҩаԥгаз аиқәшаҳаҭра ауп. Иарбоу аусшәҟәы, ганк атәылауаа ирымоу атәылауаҩра мап ацәкрада егьи аган атәылауаҩра адкылара азԥхьагәанаҭоит. Атәылауаҩра адкылареи ацәыӡреи рзы аиқәшаҳаҭра иарбам ахәҭа аганахьала, аӡбамҭа адкылара мҩаԥысуеит атәылақәа доусы рзакәанԥҵара инақәыршәаны. Иара убас, нанҳәамза 26, 2008 шықәса аламҭалазы Аԥсны атәылауаҩра змаз, иахьа уажәраанӡа еиқәырханы измоу ахаҿқәа урыстәылатәи атәылауаҩра ирмариоу апроцедура ала аиура рылшоит ҳәа иазԥхьагәаҭоуп.
Аҩҳәынҭқаррак ртәылауаҩра змоу ауаа иааиԥмырҟьаӡакәа иахьынхо атәыла азакәанԥҵара инақәыршәаны, асоциалтә еиқәыршәара, аҵарадырра, амедицинатә цхыраара аиуразы азинқәа рымоуп. Иара убри апринцип ала арратә уалԥшьа анагӡаразы ааԥхьарагьы сҩаԥысуеит. Убри аан тәылак аҿы арратә маҵзура иахысхьоу аҩбатәи атәыла аҿы арратә уалԥшьа анагӡараҟынтәи иақәиҭтәхоит.
Иара убас, аиқәшаҳаҭра иазԥхьагәанаҭоит аҩбатәи атәылауаҩра зауз рхәыҷқәа аҩбатәи атәылауаҩра рыҭара аԥҟарақәа. Ахәҭакахьала, 14 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа ртәылауаҩра рҭаацәа ртәылауаҩра иақәшәозароуп.