АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Ԥхынгәы.2023

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны аԥхасҭа зауыз ауааԥсырагьы атуристцәагьы зегьы иақәнагоу зегьы рыла ишеиқәыршәахо азы ажәа риҭеит.

Аҟәа. Ԥхынгымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ақәыршҩы иахҟьаны ааха ӷәӷәа зауз ақыҭақәа Алаҳаӡы, Лӡаа, Аԥсыӡзауад араион, Бзыԥҭа аҳаблаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит.

Ақәыршҩы бааԥсқәа ирыхҟьаны Лӡаа  акыҭа аԥхасҭа ӷәӷәа аиуит: аӡхыҵра иахҟьаны аҩнқәеи асасааирҭақәеи рыҟны актәи аихагыла аӡы ыҵалеит, амҩақәа, иара убас 250 метра рҟынӡа инаӡо аихамҩа ахәҭак ҵнаӡӡәааит.

Аҳәынҭқарра Ахада аҳабла ауааԥсыра дырԥылеит, урҭ ацхыраара иаҳәеит.

Аҳабла аҿы инхо аԥҳәыс Саида Еныкь  ари аҩыза ахҭыс зынӡа ишазыԥшымыз, иаалырҟьаны ишыҟалаз лҳәеит.

«Аӡы иаалырҟьаны иааит. Уи иаҳа-иаҳа аҩаӡара иацлон. Даара ушәаратәы иҟан уи. Акгьы аанымхеит, акәытқәа, арахә, зегьы аӡы иагеит. Сара схаҭа иаразнак ахәыҷқәа иахьшәарҭамыз аҭыԥ ахь идәықәҵаны маҟҿаҳәара аӡы сӡаагыланы исылшоз ала амаҭәа-аҩыҭәа аиқәырхара сҽазысшәеит. Аха уеизгьы уи зегьы ԥхасҭахеит, зегьы ыршәтәуп. Анцәа иџьшьаны ма ҳаԥсқәа еиқәхеит»,- ҳәа еиҭалҳәеит лара.

Аслан Бжьаниа  ас еиԥш аҭагылазаашьа уадаҩ аан аҳәынҭқарра иалшо зегьы шыҟанаҵо, араионқәеи ашәарҭадареи шеиҭашьақәыргылахо раҳәаны зегьы ргәы ирҭынчит. Аҳәынҭқарра Ахада иара убас аихамҩа даҭааны уи аҭагылазаашьа гәеиҭеит. Уажәы араҟа ақәыршҩы бааԥсқәа  ахҟьа-ԥҟьақәа рықәгаразы активла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит.     


Read 187 times - Ашәахьа, 10 Ԥхынгәы 2023 21:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.