АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Ԥхынгәы.2023

Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны иҟалаз азарал ашәага-зага аилкааразы акомиссиа Гагра араион аҿы аусура иалагеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсабаратә рыцҳара  иахҟьаны иҟалаз азарал ашәага-зага аилкааразы акомиссиа Гагра араион аҿы аусура иалагеит. Азарал ахарҭәааразы арзаҳалқәа рыдкылара мҩаԥыслоит ааха зауз ахьынхо аҭыԥқәа ирыҵанакуа  араионтә, ақыҭатә, аҳаблатә хадарақәа рҿы, ҳәа иаанацҳауеит Гагра араион Ахадара аофициалтә саит.  

«Ҳара зегьы ҳзы иуадаҩу ари аамҭа азы ачҳареи ахачҳареи аашәырԥшырц азы аҳәара ҟасҵоит. Аҳ́әынҭқарра иалшо ала зегьы ацхыраара рынаҭоит. Агәра ганы сыҟоуп ҳара зегьы ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны лыԥхала ари аҭагылазаашьа алҵра шҳалшо», - ҳәа араион ауааԥсыра рахь ихы рханы иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Ақыҭақәа Лӡаа, Алаҳаӡы, Ԥсахареи Бзыԥҭа  аҳаблеи рхадарақәа зыҩнқәа ааха зауз рҟынтәи азарал ахарҭәааразы арзаҳалқәа рыдыркылара иалагоит.  

Ааха зауз Гагра ақалақь ауааԥсыра Гагра араион Ахадара ахь азарал ахарҭәааразы арзаҳалқәа аларҵар рылшоит.


Read 291 times - Ашәахьа, 10 Ԥхынгәы 2023 21:53
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.