pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа.  Ԥхынҷкәынмза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ашықәс Ҿыц аламҭалаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиба Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аҵаҩцәа ҳазҭалараны иҟоу аныҳәа рыдылныҳәалеит, зегьы хаҭа-хаҭала ахаа-мыхаақәа ҳамҭас ирылҭеит.

Ашкол аҧхьа Аелита Ахьиба дылԥылеит Аҟәа ақалақь Администрациа ахада Беслан Ешба.

Аҵаҩцәа Ахада иԥшәмаԥҳәыс ашәҭшьыҵәрақәа лырҭеит, иара убас рнапала иҟарҵаз ашықәсҿыцазтәи ажьа.

«Акыр иаԥсоу ахәыҷқәа, Аҵаа Бабаду ихаау аҳамҭақәа шәзааигеит. Ишәыдысныҳәалоит ҳазҭало Ашықәс ҿыц. Еснагь шәлахҿыхыз, шәгәы бзиаз, шәҭаацәа ишәырҭараны иҟоу аҳамҭақәа рыда хьаа рымамзааит. Даара бзиа шәаҳбоит, Аҳәынҭқарра Ахада иакәзар, салам шәиҭоит", - лҳәеит Аелита Ахьиба.

Ахәыҷқәа дрыдныҳәалеит иара убас аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба «Акоронавирусттә ҿкы чымазара COVID-19 хацәнымырха аҿагылара азы» ахылԥшратә медалқәа ранашьара мҩаԥигеит. Аҳамҭақәа ранашьахеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Аҩардан, афинанс-економикатә усбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Маргарита Чепниан, Аҟәатәи ирласу амедицинатә цхыраара астанциа аҳақьым хада Аслан Џьопуа, аинформациа аҟәша анапхгаҩы Дамеи Касланӡиа.

«Шәара зегьы

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ақалақь Санкт-Петербург иҭыҵит Аԥсны Аҭҵаара-дырратә центр ала еиқәыршәоу «Иркьаҿу аԥсуа енциклопедиа» актәи атом, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟалҵеит аҭыжьымҭа «Азиндырратә центр» адиректор Ирина Дамениа.

Аҭыжьымҭа аредактор хада – афилологиатә наукақәа ркандидат Васили Аҩӡба.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Ԥхынҷкәынмза  26 -29 рзы Аҟәа ақалақь, Е.Ешба ихьӡ зху апарк аҿы ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа рзы ашықәсҿыцтәи амузыкатә адныҳәалара мҩаԥысуеит.

Аныҳәа аламԥалазтәи аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма аҿы иара убас иҟоуп ауаҩы ишәара инеиуа акьанџьақәа рыцнеиаира, иара убас афотосахьақәа рҭыхра.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара амшынтә ҵакырақәа аҳәаа абжьазаареи аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациеи рзы Акомиссиа аилазаара аиҭакрақәа ралагалара азы» Ақәҵара инапы аҵаиҩит.   

Акомиссиа аилазаара иалагалоуп Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ҩыџьа:  – Бадрак Ԥлиеи Кан Кәарҷиеи.

Аҟәа. Ԥхынкәынмза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 26, 2022 шықәса рзы Атәанчаҩратә фонд шықәсык азы акатегориақәа зегьы ирыҵанакуа атәанчаҩцәеи аԥаратә цхыраагӡатәқәа зауа ауааԥсыреи  ашәатәқәа зегьы ршәара афинанстәра хнаркәшеит.     

Атәачахәқәа, аԥаратә цхыраагӡатәқәа, ԥхынҷкәынмзазы ацҵақәа реицҵалыҵ 104 млн 994 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡеит.

Атәынчаҩратә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, 2022 шықәса,  ԥхынҷкәынмза 27 аҟынӡа атәачахәқәа, аԥаратә цхыраагӡатәқәа, ацҵақәа  ршәара азы иазоужьхеит  1 млрд 279 млн  076,5 нызықь мааҭ, уи иҳаҩсыз ашықәс азы иҟаз аасҭа 76 млн 961,1 нызықь мааҭ рыла еиҳауп. 2021 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу амҭахәҭа азы ишәан 1 млрд 202 млн 115,4 нызықь мааҭ.

«Ԥхынҷкәынмза 27, 2022 шықәса азы Атәанчаҩратә фонд ахь иалалаз абгаԥсатә лагалақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 1 млрд 145 млн 312 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи 2021 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 148 млн  510 нызықь мааҭ рыла еиҳахеит.   Ареспубликатә биуџьеҭ аҟынтәи адотациақәа 140 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит», - ҳәа иҳәеит Денис Гәылариа.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа зегьы рзы Аԥсны анотариалтә конторақәа зегьы  ԥхынгәымза 23,1977 шықәсазы ишьақәырӷәӷәаз Қырҭтәылатәи Асоветтә Социалисттә Республика Аинструкциа иақәныҟәаны аус руан. Аԥсны аиустициа Аминистрра акоманда иҿыцу аинструкциа аус адуланы еиқәнаршәеит. Уи азинмчы аиураны иҟоуп ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәса инаркны. Абри атәы ԥхынҷкәынмза 28 рзы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Ахылаԥшырҭа ахада Анри Барцыц.

Аминистр ишазгшәеиҭаз ала, ҿыц еиқәыршәоу аинструкциа – ари идуу иуадаҩу усшәҟәуп.  Иаԥҵан аусуратә гәыԥ, уи иалалеит хра злоу аԥышәеи адырреи змоу азиндырҩцәа, иара убас аԥышәа ду змоу аҳәынҭқарратә нотариусцәагьы. 

«Арҭ ауаа есымша иажәхьоу аинструкциа иадҳәаланы апроблемақәа ирықәшәон, иҿыцу аусшәҟәы иалагалатәу, насгьы иарбан позициақәоу хымԥада ишьақәырӷәӷәатәу шьахәлаҵәҟьа еилыркаауан», – ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы аҩаша, ԥхынҷкәынмза  27 рзы имҩаԥысыз аилатәара аҿы амшхәаԥштә иалагалаз  адгьылхархәаратәии амазаратәии азҵаарақәа рыла аӡбамҭақәа рыдыркылеит.

Аминистрцәа Реилазаара Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Феникс Групп» қьырала ианаҭеит ақьырмыҭтә зауад амазаратә комплекс.

Хазхаҭалатәи аусдкылаҩ Ажьиба  А.Р. ҽҳәарада ахархәара аҳсабала асасааирҭатә коттедџьқәа рыргылара азы Очамчыра араион Елыр ақыҭан иҟоу, 2,0 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл иҭахеит.

Ареспубликатә унитартә Наплакы «В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» еиҭамҵуа амазара аобиектқәа  Гәылрыԥшь араион Ахадара ахатәрахьы ииагахоит.  Араҟа зыӡбахә ҳәоу адәқьани анхарҭаҩынқәеи роуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара ахылаԥшырҭатә хықәкытә Программа «2022 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара» аиҭакрақәа аланагалеит.

Аиҭакрақәа алагалахеит аҟәшақәа «Апрограмма афинанстәра ашәагаақәеи ахыҵхырҭақәеи», иара убас «Апрограмма ихымԥадатәиу аресурсқәа (аныхтәқәа), ашәагаақәеи афинанстәра ахыҵхырҭақәеи».

Апрограмма афинанстәра ашәагаақәеи ахыҵхырҭақәеи: Апрограмма анагӡара азы 2022 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ аҟынтәи иазоужьхоит 100  млн. мааҭ. Иарбоу аԥаратә хархәагақәа иазоужьхоит:

– аҵиааӡара аҿиара, шықәсыктәии акыршықәсатәии аҵиаақәеи акәыкбаақәеи иаарту агрунтқәа рҿы еиԥш ирку агрунтқәа рҿы реиҭаҳара азы – 27 905 535  мааҭ;

– арахәааӡара аҿиара азы– 18 691 352 мааҭ ;

– аԥсыӡкра аусхкы аҿиара азы– 2 500 000) мааҭ ;

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27,  2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ашықәс Ҿыц аныҳәа аламҭалазы Аҟәа ақалақь Ахадара аҿы гәыԥҩык ақалақьуаа ҿарацәа иааиуа аныҳәа рыдырныҳәалеит, - ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит.

11-ҩык аиаҭымцәа-ахәыҷқәа ақалақь Ахадара ахь инеит.  

Аҳҭнықалақь ахада ахәыҷқәа ашықәсҿыцтәи аҳамҭақәа ранеишьеит.

Беслан Ешба иара убас ихатәы ԥарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа рыцыԥхьаӡа хәба-хәба нызықь мааҭ ҳамҭас ириҭеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.