АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Жьҭаара.2023

Акомедиа «Миллионк аӷьычразы иҟаҵатәузеи» афырхацәа аԥсышәала ицәажәеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Еицырдыруа асахьаркыатә фильм «Миллионк аӷьычразы иҟаҵатәузеи» афырхацәа аԥсышәала ицәажәараны иҟоуп.   

«Ҳара ҩ-сериак змоу аԥштәы змоу асахьаркыратә фильм «Миллионк аӷьычразы иҟаҵатәузеи» адублиаж аҟаҵара хҳаркәшеит.  Афильм аҿы арольқәа рыбжьы ахырҵеит С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр актиорцәеи Аҿартә театр актиорцәеи – Роман Сабуа, Адгәыр Џьениа, Фрида Леиба, Гарик Аџьынџьал, уҳәа егьырҭгьы», –  ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажо иҳәеит акинорежиссиор Виачеслав Аблоҭиа.

Уажәы асериарацәазмоу амультипликациатә фильм «Лео и Тиг» адублиаж иадҳәалоу аусура мҩаԥысуеит. Уи рхы аладырхәуеит 14-ҩык  актиорцәа. Аԥсышәала атекст еиҭеигоит Виачеслав Аблоҭиа, аматериал аредакциа ҟалҵоит Гәында Кәыҵниа.   

«Миллионк  аӷьычразы иҟаҵатәузеи» - арежиссиор Уилиам Уаилер икомедиатә фильм ауп.  Ароль хадақәа нарыгӡоит  – Одри Хепберни Питер О'Тули. Афильм ҭыхын 1966 шықәсазы акинокомпаниа  World Wide Productions (ЕАА) аҿы.

«Лео и Тиг» — урыстәылатәи анимациатә ахәыҷтәы сериал ауп. Уи аԥҵан анимациатә студиа «Паровоз» аҿы.

Асиужет ашьаҭаҿы иҟоуп—мрагыларанаскьатәи аԥстәқәа аиҩызцәа Леои Тигеи зыниаз-изынԥаз атәы зҳәо ажәабжь. Ҩаԥхьа аныҟәарахьы рҽеиқәыршәо, афырхацәа еиуеиԥшым аԥсабаратә цәырҵрақәа ирыниоит, мрагыларанаскьатәи атәылаҿацә амаӡақәа аадыртуеит, иара убас ауадаҩрақәа ирықәшәаз ацхыраара рырҭоит. Аха дара рхала иаанхаӡом: урҭ ирыцхраауеит аԥшӡа Мила, алыџ Иара абнаҳәа Куба.

 

 


Read 232 times - Ашәахьа, 09 Жьҭаара 2023 20:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.