АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Жьҭаара.2023

Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра ажурналист ҿарацәа рконкурс «Взгляд - 2023» алахәхаразы азыҳәамҭақәа рыдкылара иалагеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра ажурналист ҿарацәа рконкурс «Взгляд - 2023» алахәхаразы азыҳәамҭақәа рыдкылара иалагеит.

Аконкурс рхы аладырхәыр рылшоит: 

– аконкурс алахәхаразы азыҳәамҭа алаҵара аамҭазы 18 шықәса зхыҵхьоу ахаҿқәа; 

– ареспубликатә акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа, аинтернет амассатә информациа ахархәагақәа, аинформациатә агентрақәа рҿы аус зуа ажурналистцәа, аблогерцәа, афотокорреспондентцәа, иара убас апрофильтә ҵараиурҭақәа рыстудентцәеи егьырҭ акатегориақәа ирыҵанакуа   атәылауааи;

Аконкурс ахь ирыдыркылоит 2023 шықәсазы ареспубликатә ҭыжьымҭақәа, амассатә информациа ахархәагақәа ринтернет-саитқәа, мамзаргьы аинформациатә агентрақәа рҿы икьыԥхьыз аусумҭақәа, 2023 шықәсазы иҟаҵаз аблогқәа рматериалқәа, иара убас икьыԥхьымызгьы уахь иналаҵаны.

Аконкурс ахь ирыдыркылоит аурысшәала еиԥш аԥсышәалагьы иҩу аусумҭақәа.

Аконкурс аҿы аиааира згаз хә-номинациак рыла иалкаахоит:

Иреиӷьу аналитикатә, аинформациатә, апублицистикатә статиа;

Икьыԥхьу, мамзаргьы аелектронтә ҭыжьымҭа аҿы иреиӷьу арепортаж;

Иреиӷьу аинтервиу;

Зџьашықәс, мамзаргьы аредакциа аус ацура аамҭа хы-шықәса еиҳам, ҿыц аусура иалаго ажурналистцәа, мамзаргьы апрофильтә занааҭ ала аҵара зҵо астудентцәеи рзы аноминациа «Дебют»;

Иреиӷьу афоторепортаж «Аԥсни Урыстәылеи: агәаанагара!»

Аконкурс ахь аусумҭақәа рыдыркылоит жьҭаарамза 29, 2023 шықәсанӡа.

Аконкурс аԥшьгаҩцәас иҟоуп Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа, акультура Аминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарра ажурналистцәа Реидгылеи.

Аконкурс  Аԥсни Урыстәылеи русеицура аганахьала  аобиективтә, апрофесионалтә журналистика иреиӷьу атрадициақәа зырҿио  иҿыцу ажурналистцәа рабиԥара ашьақәыргылара иазырхоуп;

Аконкурс ажурналистцәа рыбжьара «иҿыцу ахьӡқәа» рыԥшаара, абаҩхатәра злоу, иперспективу, акьыԥхьтә, мамзаргьы аелектронтә усумҭақәа равторцәа адгылареи ацхыраареи рыҭара.  

 

 


Read 285 times - Ашәахьа, 09 Жьҭаара 2023 21:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.