АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Жьҭаара.2023

Ҭеимураз Хишба Амилаҭтә туристтә еилазаара атрансферқәа рмашьынарныҟәцаҩцәа аџьшьаратә шәҟәқәа ранеишьеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хишба Амилаҭтә туристтә еилазаара атрансферқәа рныҟәцаҩцәа Гагра араион аҿы аԥсабаратә рыцҳара аныҟала аамҭазы атранспорттә еиқәыршәара ахьалдыршаз азы аџьшьаратә шәҟәқәа ранеишьеит.

Аџьшьаратә шәҟәқәа ранашьара мҩаԥго, аминистр иҳәеит: «Аԥхынра ҳара ҳреспублика аԥсабаратә цәырҵрақәа ирыдҳәаланы акыр ауадаҩрақәа ирықәшәеит. Убри аан ҳара зегьы урҭ рыԥхьырҟәҟәааразы иҳалшоз зегьы ҟаҳҵон. Аиҳарак ааха зауз Гагра араион ауп, араҟа аӡы рыҵалеит 1100 ҩны инареиҳаны. Аиҳарак ааха роуит Лӡааи Ԥсахареи ақыҭақәа. Ақәыршҩы иахҟьаны аихамҩа ҵнаӡәӡәааит, адәыӷбақәа рныҟара аанкылеит. Ишьақәгылаз аҭагылазаашьаҿы Амилаҭтә туристтә Еилазаара амашьынарныҟәцаҩцәеи Аԥснытәи Аихамҩа аусзуҩцәеи еицхырааны  3000-ҩык инареиҳаны ауаа рыиагара еиҿыркааит. Ари акыр зымҽхак ҭбаау усуроуп. Шәара азеиԥш ус ахь шәлагала ахә ашьара уадаҩуп», – ҳәа иҳәеит Ҭеимураз Хишба.  Аџьшьаратә шәҟәқәа ранашьахеит Руслан Цушба, Мираб Ҳагба, Зураб Цушба, Павел Ԥхазариа, Ремзи Кардиа, Џьума Ӡкуиа, Алмысхан Анталаа, Едгар Аиба, Ҭемыр Аҩӡба. 

 

 


Read 290 times - Ашәахьа, 09 Жьҭаара 2023 21:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.