АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Жьҭаара.2023

Агәаҭарақәа раан 197 цыра амаининг-аппаратқәа рымхра мҩаԥысит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Наӡаӡе амҩала, ԥыхьатәи аҭаҭынтә фабрика  иахьаҵанакуа, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа  Аҳәынҭстандарт аусзуҩцәа рыцны аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан аус зуаз амаининг-ферма рыԥшааит.

Афымцацәаҳәақәа ирҿакын акриптовалиута арҳара иазку 146 аппарат. Изакәанымкәа ахархәара зауаз афымцамч амчхара 292 кВт/с. рҟынӡа инаӡоит

Иарбоу аиқәыршәагақәа рыԥшәма, Гәдоуҭа араион Жәандәрыԥшь ақыҭан инхо  Аршба Таир Владимир иԥа иганахьала административтә зинеилагара азы аԥкаанҵа еиқәыршәоуп. Акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа рымхра мҩаԥгоуп.  Урҭ аамҭалатәи ашьҭаҵарҭахь инагоуп.

Иара убас акриптовалиута арҳара иазку 51 аппарат рыԥшааит Гагра араион Бзыԥҭа ақыҭан. Изакәанымкәа ахархәара змаз афымцамч амчхара 110 кВт/с. рҟынӡа инаӡон.

Аппаратқәа рымхра мҩаԥгоуп. Урҭ аамҭалатәи ашьҭаҵарҭахь инагоуп. Иарбоу аиқәыршәагақәа рыԥшәма Гәдоуҭа араион Оҭхара ақыҭан инхо Арсҭаа Асҭамыр Херсон-иԥа административтә ҭакԥхықәра идҵоуп.


Read 138 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.