АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Жьҭаара.2023

Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны Афырхаҵа, ИТАР-ТАСС афотокорреспондент Андреи Соловиов имемориалтә ӷәы шьақәдыргылеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь, Аинрал В. Аршба имҩала игылоу аҩны №47 ахаҿратә ган аҿы, Аԥсны Афырхаҵа, ИТАР-ТАСС афотокорреспондент Андреи Соловиов дахьҭахаз аҭыԥ азааигәара амемориалтә ӷәы шьақәдыргылеит. Андреи Соловиов В.Аршба имҩеи В.Арӡынба имҩеи (ԥыхьатәи Октиабртәи Кирови рымҩақәа) реихысырҭа аҿы ақырҭуа снаипер ихы дагеит. Уи ҟалеит цәыббрамза   27, 1993 шықәсазы, Аԥсны аминистрцәа Реилазаара ахыбра ақырҭуа еибашьцәа рҟынтәи ахақәиҭтәраан. 

Иара абраҵәҟьа, аҩны азааигәара иаартын Андреи Соловиов Аԥсны иҟаиҵаз иусумҭақәа рфотоцәыргақәҵа.

Амемориалтә ӷәы аартра арыцхә алхра машәыршақә иҟамлаӡеит. Жьҭаарамза 7 рзы Андреи Соловиов иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 70 шықәса.  

Андреи Соловиов игәалашәара анаунагӡатәра апроект нагӡан Аԥсны ажуналистцәа Реидгыла ала. Убри аан ацхыраара ҟанаҵеит Аҟәа ақалақь Ахадареи Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакреи.

Агәалашәаратә ӷәы аартра  ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ  Бадра Гәынба, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, ТАСС  арегионалтә жәабжьқәа рредакциа анапхгаҩы Андреи Цицинов, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра  анапхгаҩы Дмитри Федотов, Аҟәа ақалақь ахыда ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ажурналистцәа.

Амитинг ааиртит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.  Уи еизаз зегьы, Аԥсны Афырхаҵа, афотокорреспондент Андреи Соловиов  игәалашәара иазку аусмҩаԥгатәқәа зхы алазырхәыз, иара убас амемориалтә ӷәы ашьақәыргылара азы аидеиа анагӡараҿы ацхыраара ҟазҵаз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Ари иҳаҩсыз жәамш рыла аҩбатәи усмҩаԥгатәуп. Андреи Соловиов иԥсра амш мышкы шагыз, цәыббрамза  26 рзы, Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы ҳара имҩаԥаагеит абри афотоцәыргақәҵеи агәалашәара ахәылԥази.  Аибашьраан уи дызбахьаз, иҿцәажәахьаз зегьы иара идҳәалаз аҭоурыхқәа еиҭарҳәон», - ҳәа иҳәеит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.

Адреи Соловиов дшыргәалашәо атәы еиҭарҳәеит ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамбеи арратә оператор Гарри Арсҭааи.

Сергеи Шамба ИТАР-ТАСС афотокоррепондент иҭахара асакралтә ҟазшьа аман ҳәа иазгәеиҭеит. Уи ашьҭахь сааҭк мҵыҵкәан абылра иаҿыз аминистрцәа Реилазаара ахыбра иахашәыршәырит Аԥсны абираҟ.

«Цәыббрамза 30 рзы аԥсуа еибашьцәа  Егры аӡиас ахь ицәырҵны, уаҳа цәыӡ рмоукәа  аҳәынҭқарратә ҳәаа аҟынӡа инаӡеит», – ҳәа иҳәеит иара.

Ажурналист Екатерина Бебиа еизаз ирзеиҭалҳәеит лара аоператор Роберт Ломиа дицны 2002 шықәсазы Москваҟа,  ИТАР- ТАСС ахь дцаны Андреи Соловиов изку афильм аҭыхразы аматериал шеизылгоз атәы.

ТАСС арегионалтә жәабжьқәа рредакциа анапхгаҩы  Андреи Цицинов  зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит Андреи Соловиов иусура ахьырхамышҭуа, уи ифырхаҵара ахәшьара ҳарак ахьарҭаз, иара убас игәалашәара анаунагӡатәра азы иҟарҵо зегьы рзы.  

Андреи Соловиов – Урыстәыла иналукааша ажурналистцәа дреиуан. Иара ԥыхьатәи Асовет Еидгыла иахьаҵанакуа иҟаз бџьаршьҭыхлатәи аиҿагыларақәа жәпакы рҟынтәи адырраҭарақәеи афоторепортажқәеи ҟаиҵахьан. Иара аԥсуа-қырҭуатә еибашьраан изныкымкәа Аԥсныҟа даахьан.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтылатәи еибашьраан Андреи Соловиов Гәымсҭатәи Мрагыларатәи афронтқәа рҿы иҟаиҵаз афотосахьақәа арратә хроника ахьтәы фонд иалалеит. 

 

 

 


Read 154 times - Ашәахьа, 09 Жьҭаара 2023 23:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.