АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Жьҭаара.2023

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа усуратә визитла Москва ақалақь аҿы дыҟоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа усуратә визитла Москва ақалақь аҿы дыҟоуп. Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи аекспорттә Центр даҭааит, иара убас  УАеЦ адиректор Хада Вероника Никишина дылԥылеит.

Иахьаҵәҟьа, Урыстәылатәи Аекспорттә Центри Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аԥсни Урыстәылеи ахәаахәҭратәи аекономикатәи реизыҟазаашьақәа арӷәӷәара аусхкы аҿы русеицура ихадоу аформақәеи ахырхарҭақәеи аҭагылазаашьақәеи алызкаауа аилибакааразы амеморандум рыбжьарҵеит.

Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит Вероника Никишинеи Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани.

«Урыстәыла Аԥсны азы актәи аҭыԥ аҿы игылоу апартниорны иҟоуп, аха, жәаҳәарада, ҳусеицура апотенциал макьаназы арҿиара ахәҭаны иҟоуп. Агәра ганы сыҟоуп, Урыстылатәи аекспорттә Центр аус ацура иабзоураны ҳтәылақәа рыбжьара иҟоу ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи абизнес арҿиареи аганқәа еицырзыфеидоу апартниорра  ашьақәыргылареи рзы иманшәалоу аҭагылазаашьа шышьақәгыло», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. 

 

 

 


Read 127 times - Аҩаша, 10 Жьҭаара 2023 08:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.