АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Ԥхынгәы.2023

Атәылахьчара Аминистрра: Аԥсны Арратә Ҳаиртә Мчқәа авиациа аԥыррақәа арратә зыҟаҵара аплан инақәыршәаны имҩаԥысуеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Арратә Ҳаиртә Мчқәа авиациа аԥыррақәа арратә зыҟаҵара аплан инақәыршәаны имҩаԥысуеит. Аԥыррақәа рмаршрутқәа, аԥырратә зонақәа, аԥырра аҳаракырақәа, уҳәа арратә зыҟаҵара акурс аҽаршьцыларақәа рыла иалкаауп, урҭ Аԥсны атәылахьчара Аминистрра Арратә ҳаиртә Мчрақәеи Аҳаирхыхьчаратә Мчрақәеи ркомандаҟаҵаҩы ила ишьақырӷәӷәоу аҳаиртә ҵакыра аструктура аҳәаақәа ирҭыҵӡом.  Аԥыррақәа зегьы мацара аҽазыҟаҵаратә ҟазшьа ауп иамоу.

Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура. 


Read 229 times - Аԥшьаша, 06 Ԥхынгәы 2023 23:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.