АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Рашәара.2023

Рашәарамза 28 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит акциа «Аҿар анаркотикқәа ирҿагылоит».

Аҟәа. Рашәарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Рашәарамза 28 рзы Аҟәа ақалақь аҿы анаркотикқәа рыдкылареи изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсреи рҿагылара  Жәларбжьаратәи Амш азгәаҭара инамаданы, Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥгахоит ареспубликатә акциа «Аҿар анаркотикқәа ирҿагылоит». Акциа амҩаԥгара азԥхьагәаҭан рашәарамза 26 рзы, аха аобиективтә мзысқәа ирыхҟьаны, уи егьи амш ахь ииагахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.  

Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит атлетикаластәи аиԥхныҩра. Иара убас имҩаԥгахоит амҵәышәмпыл 3х3, аӡысра,  астолтә ԥкьаҭмпыл, ашахматқәа, анардқәа, адомино азы аицлабрақәа, иара убас ахыци ахәымпали рыла ахысразы амастер-класс амҩаԥгара еиҿкаахоит. Акциа рхы аладырхәырц рылшоит уи азы агәазыҳәара змоу зегьы.

Асааҭ 09:00 рзы аҟәатәи аолимпиатә ӡҭарчы аҿы иалагоит аӡысразы аицлабрақәа. 

Асааҭ 18:00 рзы иалагоит атлетикаластәи аиԥхныҩра. (Алашарбага аҳабла аганахьала амшын аԥшаҳәа иаваршәны Атеатралтә плошьад аҟынӡа).

Асааҭ 19:00 рзы Аԥснытәи адраматә театр аҿаԥхьеи Б.У.Шьынқәба ихьӡ зху апарки рҿы амҵәышәмпыл 3х3, астолтә ԥкьаҭмпыл, ашахматқәа, анардқәа, адомино рзы аицлабрақәеи ахыци ахәымпали рыла ахысразы амастер –класси мҩаԥгахоит.

Акциа ахықәкы хада – агәабзиара еиҷаҳаны анхашьеи аҿар рыбжьара анаркотикқәа рыларҵәара аԥхьырҟәҟәаареи.

 


Read 264 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.