АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Рашәара.2023

Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы имҩаԥысит жәларбжьаратәи аконференциа «Аиашьаратә жәларқәа афашизм иаҿагыланы иаадырԥшыз афырхаҵара».

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Жәларбжьаратәи анаука-ԥышәатә конференциа «Аиашьаратә жәларқәа афашизм иаҿагыланы иаадырԥшыз афырхаҵара» мҩаԥысит ашәахьа, рашәарамза  26 рзы, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы. Аусмҩаԥгатә 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа алагара амш  82-шықәса ахыҵреи Кавказ ахьчара иазкыз аиҿагылара аҿы аиааира агара  80-шықәса аҵреи ирызкын.

Алагаларатә ажәахә ҟаҵо дықәгылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра ахада Дмитри Федотов. Уи рашәарамза 22, 1941 шықәса Асовет Еидгыла ажәлар зегьы аџьамыӷәа цәгьа иҭазыргылаз аамҭахәҭа алагара иасимволны ишыҟоу азгәеиҭеит.

«Ари амш аҽны ҳара зегьы ари аибашьра зыԥсҭазаара ҿахызҵәаз ҳауацәеи иаҳзааигәоу ауааи ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит. Аԥхынра, 1942 шықәсазы аибашьра Аԥснынӡагьы инаӡеит. Ареспублика зегьы иуадаҩыз афронт иаԥну аԥсҭазаарала инхон», - ҳәа иҳәеит иара.  

Дмитри Федотов ари аконференциа аусура – афашисттә мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи фырхаҵарыла зыԥсадгьыл зыхьчоз асолдатцәа ҳаҭыр дула ргәалашәаразы даҽа лшара шьахәны ишыҟало азы агәыӷра ааирԥшит.

«Агәра ганы сыҟоуп, усҟантәи ахҭысқәа рҭоурых есааира  еиҵагыло абиԥарақәа ишахәҭоу ала иҵабыргны ишрызнагахало», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы.

Аконференциа ҩ-секциак рыла ишьақәгылан: арра-ҭоурыхтәи анаука-ԥышәатәи.

Актәи асекциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аҭоурыхҭҵаара аҟәша аиҳабы Аслан Аҩӡба Қырҭтәыла аҿырԥшы ала Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа азы аҭоурыхтә агәалашәара ҳаамҭазтәи аетап аҿы ӷәӷәала аполитикатә цәаҩа аиуоит ҳәа иазгәеиҭеит. Уи иажәақәа рыла, аҭоурыхтә фактқәа реицакраеи афашизм аҿагылараҿы Асовет Еидгыла ароль аларҟәреи рзы хыԥхьаӡара рацәала аҽазышәарақәа аарԥшхоит.

Аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, ААУ адоцент Сослан Салаҟаиа аԥснытәи аҭоурыхтә ҭҵаара аҿы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҭҵара аҭоурыхграфиа азы инарҭбаау ажәахә ҟаиҵеит.  

Асоциологиатә наука рдоктор, Аладатәи афедералтә университет (ақ. Ростов-на-Дону) апрофессор Максим Васьков 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьреи Урыстәылатәи Афедерациа Украина имҩаԥнаго иҷыдоу арратә операциа аԥснытәи хатәгәаԥхарауаа рылахәхареи   реиҿырԥшратә анализ мҩаԥигеит. Уи аԥсуа ҩажәижәаба шықәса раԥхьа еиԥш уажәгьы украинатәии қырҭтәылатәи анеонацизм иаҿагылеит, аха уажәы уи Донбасс ауп иахьымҩаԥысыз ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Иара убас Приднесторовиа ауааԥсыра 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа ралахәхара, Аԥсны ауаажәларра аиааира азы рлагала, 1941-1945 шықәсқәа рзы Зыԥсадгьыд зыхьчоз аибашьцәа инарадыркны ҳаамҭазтәи, 1992-1993шш. зыԥсадгьыл ахақәиҭтәразы игылаз Кәтол ақыҭантәи биԥарала иаауа аибашьцәа  ирызкны ажәахәқәа ирыԥхьеит.  

Аҩбатәи асекциа аԥшааратә усура, уи иадҳәаланы ицәырҵуа ауадаҩрақәа, урҭ рыӡбаразы иҟаҵахо, иара убас Аԥсни Донецктәи Жәлартә Республикеи рҿы  иҟоу аперспективақәеи аҷыдарақәеи, уҳәа Москватәи Акультура-усуратә Ҩны «Москва Аҩны» имҩаԥнаго аусура аҿырԥшала, Гагра араион аҿырԥшала еиҵагыло абиԥара  апатриотизм рылааӡара ирызкын.

Аконференциа В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша Аҳәынҭқарратә музеи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакреи аԥсадгьыл ахьчараан иҭахаз ргәалашәара анаунагӡатәразы Ареспубликатә еиҿкаара «Абхазпоиск» иҟарҵаз адгыларала имҩаԥысит.

 

 


Read 185 times - Аҩаша, 27 Рашәара 2023 15:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.