ытәи аԥсҭазаара атематикала ацәжәаратә ԥышәа, ацәажәашьа бзиа ашьақәыргылара, ихадоу аамҭақәеи аграмматикатә конструкциақәеи, абызшәа агәынкылареи аҳареи, иара убас аҩныҟатәи адҵақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аҩратә ҽаршьцыларақәа рымҩаԥгара», - ҳәа еиҭалҳәеит Диана Шамба.
Акурс ахысра ашьҭахь зҽазыҟазҵо аԥсышәала ацәажәареи аҩреи аԥхьареи рзы алагаратә дыррақәа роуеит. Урҭ ицәгьамкәа абжьааԥнытәии абзазаратәии атемақәа рыла егьырҭ ауаа рыҿцәажәара, иара убас имариоу аҳәоуқәа реиқәыршәара, ауаа рабадырреи реибардырреи, уҳәа рылшалоит.
«Уаанӡа Аԥсны атәылауаҩра аиура зҭаху рзы аҽазыҟаҵаратә курсқәа ыҟаӡамызт. Ауаа рхала уи аҵара рҽазыршәон, мамзаргьы арҵаҩы дганы хазхаҭала рҽазыҟарҵон, анаҩс аԥышәара рҭиуан. Ҳара ари аҭагылазаашьа ҳарҽеир ҳҭахуп. Аҳәынҭқарратә бызшәа зҵарц зҭаху зегьы уи азы алшара рымазароуп», – ҳәа иазгәалҭеит Диана Шамба.
Уи инаҵшьны иазгәалҭеит Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәа астатус змоу аԥсуа бызшәа заҵәык шаку – Аԥсны иқәынхо зегьы маҷк иадамзаргьы уи рдыруазар рыхәҭоуп.
«Ҳара ишеилаҳкааз ала, абызшәа зҵарц зҭаху ауаа мыҷӡам. Изҭаху зегьы акурсқәа иахысыртә аҭагылазаашьа аԥҵара хымԥадатәиуп», - ҳәа илҳәеит лара.
Диана Шамба лажәақәа рыла, ауаа радыԥхьалара шымҩаԥысло ала, аҳәынҭқарратә бызшәа аполитика азы Аусбарҭа даҽа гәыԥк аартра иазхиоуп.
Иазԥхьагәаҭоуп иара убас Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҿы аԥсуа бызшәа аҵаразы акурсқәа раартра.