АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Рашәара.2023

Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра асаит аҿы асервис ҿыц – ашәахтәшәаҩы хаҭалатәи икабинет цәырҵит.

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра асаит аҿы асервис ҿыц – ашәахтәшәаҩы хаҭалатәи икабинет цәырҵит.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аинформациатә технологиақәа русбарҭа аспециалист хада Ҭенгиз Анқәаб ари афункциа зызку азы адырра ҟаиҵеит.

«Ашәахтәшәаҩы хаҭалатәи икабинет Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра ашәахтәшәаҩцәа рзы инанагӡо амаҵзурақәа рхаҭабзиара ашьҭыхреи ашәахтә усбарҭақәеи  ашәахтәшәаҩцәеи рыбжьара Аинтернет  ҳа ахархәарала аинформациала аимадара аиӷьтәреи хықәкыс иҟаҵаны иаԥҵоуп.

Иарбоу афункциа иабзоураны  ашәахтәшәаҩцәа аҳасабырбақәа рынашьҭреи ашәахтә усбарҭақәа аус рыцура иазку егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи ашәахтә усбарҭа аҭаарада, онлаин режим ала рынагӡара азы хра злоу алшара аԥнаҵоит», –  ҳәа иҳәеит иара.

Ашәахтәшәаҩ «хаҭалатәи икабинет» аҟынӡа алогини апароли рхархәарала анаӡаразы, ашәахтәшәаҩы ишәҟәҭагалара аҭыԥ ала иҟоу ашәахтә усбарҭа дадҵаалароуп. 

«Уажәазы ашәахтәшәаҩы хаҭалатәи икабинет анаӡаразы алшара рымоуп иалкаау акатегориа иаҵанакуа ашәахтәшәаҩцәа, ахәҭакахьала аиуристтә хаҿқәа. Ҳаԥхьаҟа уи акатегориақәа зегьы ирыҵанакуа ашәахтәшәаҩцәа рзы анаӡара алыршахоит, уи ашәахтәшәаҩцәа зегьы рзы иаку платформаны иҟалоит. Аиуристә хаҿқәа иахьа ашәахтәшәаҩы хаҭалатәи икабинет ахархәарала иназыцҵоу ахәԥса азы ашәахтә ала адекларациақәа рыҭаразы алшара рымоуп», – ҳәа иҳәеит Ҭенгиз Анқәаб.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминитрра асаит аҿы иҟалоит:

– ашәахтәшәаҩы хаҭалатәи икабинет аҭаларазы алогини апароли раиуразы арзаҳал аформа;

– ашәахтәшәаҩы хаҭалатәи икабинет ахархәаразы аинструкциа;

– ашәахтәаҩы хаҭалатәи икабинет аҿы «Иназыцҵоу ахәԥса азы ашахтә азы Адекларациа» аҟәша ахархәаразы аинструкциа.

Уажәазы ашәахтәшәаҩы хаҭалатәи икабинет аҿы анагӡара алыршахоит:

– Иназыцҵоу ашәахтә ахәԥса азы ашәахтә азы ашәахтә декларациа аҭареи ахаҿытә ҳасабырбатә усшәҟәы ахсаалага ахәаԥшреи. 

 


Read 276 times - Ашәахьа, 26 Рашәара 2023 19:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.