АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Рашәара.2023

Ҭҟәарчал ақалақь аҿы апарк Хада аиқәыршәазаара мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭҟәарчал ақалақь апарк Хада аҭыԥантәи ауааԥсыра реиҳараҩык рыԥсшьараамҭа ахьырхырго ҭыԥны иҟоуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы араҟа шьаҭанкыла аиҭакрақәа шыҟалаз умбар залшом. Иҭбаау агәҭанытәии аганқәа рҿы иҟоуи ашьаҟамҩақәа ҩ-ԥштәык рыла еилоу ашьаҟамҩатә хаҳәцәы ала ичаԥоуп, ахәылбыҽхантәи аамҭазы арлашара иазку афонартә шьаҟақәа шьақәыргылоуп. Иӷәӷәоу аматериал иалху, ҳаамҭазтәи адизаин иақәшәо арымӡқәа ргылоуп, иара убас астолтә ԥкьаҭмпыл асразы астолқәа шьақәыргылоуп. Ахәыҷтәы плошьадкагьы рҿыцуп.

Ҭҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа иажәақәа рыла, ари аобиект аиқәыршәазаара зынӡа  иақәхарџьхеит  15 миллион мааҭ, урҭ рахьынтә 10 миллион мааҭ ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иазоужьхеит, иаанхаз 5 миллион  мааҭ – уи аҭыԥантәи абиуџьет аԥаратә хархәагақәа роуп. «Мацара иаанханы иҟоу ахаҳәцәы ахьыҟам апарк ахәҭақәа рҿы абӷанҷ ақәыԥсаны ариашара заҵәык ауп.  Уи иагеит ҩ-нызықь кубометр инареиҳаны абӷанҷ, аха  анышәаԥшь злоу адгьыл аӡы алалара ахьазыцәгьоу инамаданы, абӷанҷ аҿыгҳара ацаҳҵар акәхоит. Аҵыхәтәантәи ахыркәшаратә етапны иҟалоит аҳаскьын алаҵареи ашәҭранқәа рҿы ашәҭқәа реиҭаҳареи», -ҳәа иҳәеит иара.

«Иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит цәыббрамза 30 - Аиааира Амшныҳәа азгәаҭара аҟынӡа аусурақәа зегьы рхыркәшара азы. Ҳаԥхьаҟа афонтани акаҳуажәырҭеи рыргыларала асасцәеи ақалақь ауааԥсыреи  рзы аԥсшьаратә зона арҭбаара ҳгәы иҭоуп», –  ҳәа иҳәеит Исидор Дочиа.  


Read 232 times - Ашәахьа, 26 Рашәара 2023 19:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.