АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Рашәара.2023

Алхратә Комиссиа Хада ахь ареферендум амҩаԥгаразы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭагаларазы арзаҳал нашьҭуп.

Аҟәа. Рашәарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Рашәарамза 27, 2023 шықәсазы Алхратә Комиссиа  Хада ахь «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ҽҳәараанӡа иалхрақәа рымҩаԥгара  хымԥадатәиуп ҳәа ишәыԥхьаӡома?» ҳәа азҵаарала ареферендум амҩаԥгаразы зеилазаара 36-ҩык рыла ишьақәгылоу аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭагаларазы  арзаҳал  нашьҭхеит.  Абри азы Аԥныпресс ахь адырра ҟарҵеит Аԥсны Алхратә Комиссиа Хада аҟынтәи.

«Жәларзегьтәи рыбжьыҭара (ареферендум) азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан инақәыршәаны, ареферендум Алхратә Комиссиа Хада ала аԥшьгаратә гәыԥ аилазаареи ареферендум ахь ицәыргахо азҵаареи ашәҟәҭагалара мҩаԥнагоит.   Ашәҟәҭагаларазы анеиреи арзаҳал алаҵареи рнаҩс жәохәымш ирылагӡаны, ареферендум аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭагалара ишахысыз азы аршаҳаҭга аиуоит, уи алахәылацәагьы уи азы аршаҳаҭгақәа рыҭахоит.


Read 278 times - Аҩаша, 27 Рашәара 2023 16:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.