АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Рашәара.2023

Астанцеиҵа “Алаҳаӡы” аҿы звольҳараку афымцацәаҳәақәа ҩба дыргылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Астанцеиҵа “Алаҳаӡы” аҿы зоужьҭратә мчхара 10 МВт. рҟынӡа инаӡо звольҳараку афымцацәаҳәақәа ҩба дыргылеит.

Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» Гагратәи аҿга анџьныр Хада Аспар Коӷониа ажурналистцәа дрыҿцәажәо акурортә сезон азы Алаҳаӡы ақыҭан  есымша афымцацәаҳәақәа рықәыӷәӷәара еизҳауан ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» ацәаҳәақәа иҿыцу  аобиектқәа раҿакра азы атехниатә ҭагылазаашьақәа раԥҵара азы ауааԥсыра рҟынтәи лассы-лассы азыҳәамҭақәа ҳауан. Аха ацәаҳәатә мчхарақәа рыҟамзаара инамаданы, арҭ аҳәарақәа рынагӡара залыршахомызт», –  ҳәа иҳәеит Аспар Коӷониа.

Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» анапхгараҭара инацҵаны звольтҳараку афымцамҩангагақәа рыргылара азы аӡбамҭа аднакылеит. Иара убас ишьақәыргылан иҿыцу аҩкаагақәа ҩба.

«Аамҭа кьаҿ иалагӡаны, жәа-мш ирылагӡаны ҩ-километр рҟынӡа инаӡо наҟ-ааҟтәи ахырхарҭа змоу афымцамҩангага ргылахеит. Ишьақәыргылан 72 шьаҟа. Аҩ-цәаҳәак роужьҭратә лшара – 10 МВт иназыцҵоу амчхара аԥнаҵоит. Астанцеиҵа амчхара  - 20 МВт ыҟоуп», –  ҳәа еиҭеиҳәеит Аспар Коӷониа. 

Уи иажәақәа рыла, ауааԥсыра иаларҵаз азыҳәамҭақәа шьаҿа-шьаҿала анагӡара мҩаԥысуеит, урҭ  шьҭарнахыс «Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» ацәаҳәақәа иҿыцу  аобиектқәа раҿакра азы атехниатә ҭагылазаашьақәа роуеит.

Иара убас, Аспар Коӷониа ишеиҭеиҳәаз ала, Пицунда ақалақьи Алаҳаӡы ақыҭеи рҿы иҟоу асасааирҭақәа, асасааирҭа маҷқәа, идуу ахәаахәҭратә обиектқәа рзы ишьақәыргылан  191 цыра инарзынаԥшуа афымца ахархәаразы аԥхьаӡагатә  приборқәа.


Read 236 times - Амҽыша, 25 Рашәара 2023 17:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.