Ари аӡбамҭа мшаԥымза 13, 2001 шықәсазы ирыдыркылаз «Ареспублика Аԥсны аҿы ареспубликатә мазара ареспубликатә хатәреи административ-ҵакыратә еиҿкаарақәа рхатәреи рыла аихшара азы» Аԥсны Азакәан №627-с-XIII ахәҭаҷқәа 4, 5, 9 инарықәыршәаны, иара убас жьҭаарамза 16, 2009 шықәса рзы аминистрцәа Реилазаара аҿы ирыдыркылаз «Аҳәынҭқарратә мазара ақәхреи аиагареи аиҭныԥсахлареи рынагӡара аԥҟарақәа рзы» Ақәҵара №180 инақәыршәаны ауп ишрыдыркылаз.
Аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ареспубликатәи аҭыԥантәии (амуниципалтә) хатәра иаҵанакуа аобиектқәа Рсиа иарбоу азҵаара иашьашәалоу аиҭакрақәа ралагалареи абри ақәҵара анагӡара иахәҭоу ахылаԥшра аҭареи рзы аҭакԥхықәра адҵоуп.