АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Рашәара.2023

Рашәарамза 22 рзы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа алагеижьҭеи 82 шықәса ҵит.

Аҟәа. Рашәарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 22 рзы 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа алагеижьҭеи  82 шықәса ҵит. Есышықәса рашәара 22 рзы адунеи аҿы ари агәалашәареи алахьеиқәреи Рымш азгәарҭоит.

Рашәара 22, 1941 шықәса, асааҭ ԥшьба ашамҭаз уи азы иарбанызаалак ҳәамҭак ҟамҵаӡакәа афашисттә Германиа Асовет Еидгыла иақәлеит. Ԥшьы - шықәса ицоз аибашьра ду алагеит.

Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны атәыла апартиатәи аҳәынҭқаратәи аусбарҭақәа зегьы  атәылахьчара азҵаарақәа рыӡбара иазку аусура анагӡара иалагеит.

Атәыла аибашьраамҭатәи аԥсҭазаашьа ахь аиасра алагеит. Рашәарамза 22 рзы Асовет Едгыла Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум «Кавказнҭыҵтәи арратә округгьы уахь иналаҵаны,  арратә округқәак рыла, аррамаҵзура зуалу  рмобилизациа азы» Аусԥҟа ҭнажьит. 

Рашәарамза 23, 1941 шықәсазы  Аԥснытәи АССР ажәлар ркомиссарцәа Рхеилаки Қырҭтәыла Акомпартиа Аԥснытәи аобком абиурои автономтә республикаҿы аррамаҵзура зуалу  рмобилизациа қәҿиарала амҩаԥгаразы ақәҵара рыдыркылеит. Апартиатә еиҿкаарақәа, араионтә Хеилакқәеи Аҟәатәи ақалақьтә Хеилаки арратә комиссиарцәа қәҿиарала амибилизациатә усмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы ацхыраара рыҭара азы адҵа рыҭан.

Ареспублика иахьаҵанакуа атәылауаа рмобилизациа аиҿкаара бзиа аманы, амобилизациатә план инақәыршәаны имҩаԥысуан. Убас, Гагра араион аҿы рашәарамза 23, 1941 шықәса асааҭ  11 рзы амобилизациа иаҵанакуа атәылауаа зегьы ааԥхьашәҟәы рнапаҿы иаркын, аррамаҵзура зуалу  Аҟәаҟа ргара азы атранспорт еиқәыршәан. Рашәарамза 27, 1941 шықәсазы Қырҭтәыла Акоммунистә Партиа Ацентркомитет ахь Гагра араион ала амобилизациа аплан аҵыхәтәанӡа ишынагӡоу азы адырра  дәықәҵан.

Арҭ амшқәа рзы Аԥсны арратә комиссариат  ахь аҿар рҟынтәи афронт ахь рдәықәҵаразы шәкыла арзаҳалқәа неиуа иалагеит. Аибашьра раԥхьатәи ахымш рыла Аҟармара аҳаблатәи арра-шәҟәҭагаларатә стол ахь инаган афронт ахь адәықәҵаразы   300 инарзынаԥшуа арзаҳалқәа. Урҭ рахьынтә 40% арзаҳалқәа аҭыԥҳацәа рыла иалаҵан. Ԥхынгәы 4 – 19, 1941 шықәса рзы Аԥсны арратә комиссариатқәа рахь афронт ахь адәықәҵаразы 5974 арзаҳал нашьҭын.   Лассы-лассы 16-17-шықәса зхыҵуаз апатриотцәа афронт ахь идәықәырҵарц азы рықәра иацырҵон. …

Афронт Аԥсны иазааигәахо ианалага, ҭагалан,  1942 шықәсазы, Ареспублика аҿы иаԥырҵо иалагеит аҷыдалкаатә мчра аусбарҭақәа – аҭыԥантәи атәылахьчара акомитетқәа. Аҟәа ақалақь аҳаиртә бомбалажьра иалагеит.

Ихадоу Кавказтәи ашьхеибаркыра аԥснытәи аганахьала аӷа икылсра инамаданы акыр ацәыӡ дуқәа заухьаз Ар Ҟаԥшь архәҭақәа анемец-фашисттә мпыҵахалаҩцәа гәдоуҭатәии аҟәатәии еиду анырҵәаратә баталионқәа рҟынтәи адгылара роуит, аҭыԥантәи ауааԥсыра ракәзар, ашьхара иҟаз архәаҭақәа фатәи-жәтәи аџьаԥҳани рыла реиқәыршәара алдыршон.

Аԥсуа жәлар аԥацәеи аԥҳацәеи хамеигӡарала ӷәӷәала афырхаҵара аарԥшны Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа афронтқәа зегьы рҿы еибашьуан. Аԥсуаа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа астратегиатә, афронттә, арратә операциақәа зегьы ирылахәын. Урҭ Москва ақалақь, ақалақь-фырхаҵақәа  Ленинград, Сталинград, Одесса, Севастополь, Новороссиск, Кавказ ахьчара, Урыстәыла, Украина, Белоруссиа, Молдавиа, Литва, Латвиа, Естониа, Алада-Мрагыларатәии Европеи Европа Агәы иаҵанакуа атәылақәеи рыхьчара, иара убас Германиа аҩныҵҟа аӷа иқәгара азы  хацәнымырха, агәымшәара ду аарԥшны еибашьуан. 

Аԥсуаа аиҳарак адгьылмҩатә архәҭақәа рҿы еибашьуан. Урҭ иара убас еибашьуан арра-ҳаиртә мчрақәа рҿы. Аԥсуа ԥырҩцәа Виктор Аргәын (раԥхьатәи аԥсуа ԥырҩы), Михаил Аршба, Ҭемыр Иазычба, Шамиль Аҟәысба, Шамил Палба, уҳәа убас аӡәырҩы аибашьра аҭоурых имаҷымкәа ихьӡырҳәагоу  адаҟьақәа анырҵеит. Имаҷымкәа аԥсуаа арра-мшытә флот аҿы еибашьуан. Даагозар, аӷба акомандаҟаҵаҩ Раџьден Барцыц Керч азааигәара ашьха Митридат амҵан адесант аӡхыҵра аан иааирԥшыз афырхаҵара азы Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵан.

Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы ԥшьҩык аԥсуаа – Владимир Ҳаразиа, Ражьден Барцыц, Варлам Габлиа, Иасон Кокосқьериа Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ранашьахеит, Иван Ванача – Ахьӡ-Аԥша Аоорден акавалер нагӡас дҟалеит. Ас еиԥш зхыԥхьаӡара маҷу ажәлар рзы уи даара ирацәоуп. Ажәлар рхыԥхьаӡареи афырхацәа рхыԥхьаӡареи еиҿырԥшны уахәаԥшуазар, аԥсуаа ԥыхьатәи Асовет Еидгыла аҿы ахәбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп.

Афырхаҵара ду аадырԥшуан апартизантә қәԥара иалахәыз аԥсуаагьы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан  аибашьҩы гәымшәа апартизан Хьынтруг Мхондџьиа, уи хыӡ ҷыдас иман  «Иван-абхазец», апартизантә қәԥара акомиссар Нестор Чичба, апартизантә отриад «За Родину» акомандаҟаҵаҩ, анаҩс  апартизантә еидгылара аштаб аиҳабы – Заабеҭ Царгәыш, Барановическаиа аобласт иатәыз апартизантә еидгылара аԥшыхәреи аконтԥшыхәреи аиҳабы Давид Зыхәба, Берлин ақалақь аҿы иҟаз афашистҿагыларатә гәыԥмаӡа активла иалахәыз Николаи Воуба, уҳәа убас аӡәырҩы.  

Аҭоурыхҭҵааҩы Валико Пачлиа иҭоурыхлкаақәа рыла, аибашьра ашықәсқәа раан Асовет Ар архәҭақәеи арра-мшынтә флоти рҿы Аԥснынтәи еибашьуан 15,5 нызықьҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра, уи ажәлар рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 28% рҟынӡа инаӡоит.  Аибашра афронтқәа рҿы хабарда ибжьаӡыз рхыԥхьаӡара 5,5  нызықь ҩык рҟынӡа инаӡоит, даҽакала иуҳәозар аибашьрахь ааԥхьара зауз рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи ахԥатәи ахәҭа рышьҭахьҟа изыхнымҳәӡеит.

 

В. М. Ԥачлиа ишәҟәы «Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан (1941-1945 шш.)» аматериалқәа рыла.

 

 

 

 


Read 295 times - Аԥшьаша, 22 Рашәара 2023 22:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.