АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Рашәара.2023

Аӡиудо азы XV жәларбжьаратәи атурнир «Аиааира Ахраҿа» аицлабрақәа рҿы 2010-2011 шш. рзы ииз ақәратә категориа иаҵанакуа рыбжьара аиаареи аԥхьахәқәеи згаз алкаахеит.

Аҟәа. Рашәарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  аӡиудо азы XV жәларбжьаратәи атурнир «Аиааира Ахраҿа» аицлабрақәа  рҿы  2010-2011 шш. рзы ииз ақәратә категориа иаҵанакуа рыбжьара аиаареи аԥхьахәқәеи згаз алкаахеит.   

34 - кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Гордеи Шакура (ақ. Ессентуки), аҩбатәи - Лука Кәарацхьелиа (ақ. Гал), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Елисеи Петровец (ақ.Пермь), Лаша Ҳашба (ақ. Аҟәа).

38 - кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Кирилл Попов (Пермтәи атәылаҿацә), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Ладо Гулордаа (ақ. Шәача), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Арзум Арутиуниан (Ареспублика Адыгеиа), Ника Кәарацхьелиа (ақ. Гал).

42 - кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Степан Тымченко (Ареспублика Адыгеиа), аҩбатәи - Иусуф Џьобиров (Адыгеиа), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Аркади Топчиан (ақ. Шәача), и ара убас Илиас Усенов (ақ. Аҟәа).

46 - кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Иракли Пруиӡе (ақ. Шәача), аҩбатәи - Иарослав Дмитриченко (ақ. Ессентуки), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Ислам Батчаев (ақ. Аҟәа), Давид Гевондиан (ақ. Краснодар).

50 - кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Гамлет Тадевосиан (ақ. Ростов-на-Дону), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Михаил Мкртчиан (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Леван Кожокарь (ақ. Аҟәа), Альберт Хачатриан ( ақ. Краснодар).

55 - кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Ахмед Евлоев (Ареспублиа Ингушетиа), аҩбатәи аҭыԥ - Кирилл Орехов (ақ. Ростов-на-Дону), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Никас Малхасиан (ақ. Шәача), иара убас Марк Митиуклеев (ақ. Ростов-на-Дону).

60 - кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Алан Хьынҭәба (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Ариан Василиев (ақ.Иакутск), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Инар Гәымба (ақ. Аҟәа), иара убас Алеқсандр Елбакиев (ақ. Аҟәа).

66 - кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Артиом Тарасов (ақ. Шәача), аҩбатәи аҭыԥ  - Алеқсандр Пронин (ақ. Ҭҟәарчал).

+66 - кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Давид Канделаки (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ - Мате Колбаиа (ақ. Гал), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Имран Аладин (ақ. Шәача), иара убас Даниель Микаилиан (ақ. Афон Ҿыц).

Атурнир иалахәыз аҳамҭақәа рыҭара ацеремониа иалахәын  Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Тарашь Ҳагба, Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа анапхгаҩы Ельза Ҳагба, иара убас Аԥсны аӡиудо Афедерациа апрезидент Михаил Чалмаз.


Read 379 times - Аԥшьаша, 22 Рашәара 2023 22:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.