АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Рашәара.2023

Ареспублика аҿы иаԥҵоуп «Аԥсны Адипломатиатә клуб».

Аҟәа. Рашәарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иаԥҵахеит иҿыцу ауаажәларратә еиҿкаара «Аԥсны Адипломатиатә клуб». Уи аиустициа Аминистрра аҟны ашәҟәы иҭагалан рашәарамза 5, 2023 шықәсазы, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит акультура аминистр, аҳәаанырцәтәи аусқәа ԥыхьатәи аминистр Даур Ақаҩба.  

Ауаажәларратә еиҿкаара «Аԥсны Адипломатиатә Клуб» аԥҵаҩцәас иҟоуп: Саид Ҭаркьыл, Сократ Џьынџьал, Леонид Лакербаиа, Сергеи Шамба, Игорь Ахба, Максим Ӷәынџьиа, Виачеслав Чыркба, Даур Ақаҩба.

«Урҭ аԥышәа дуӡӡа змоу уаауп. Ҳҳәынҭқарра ашьақәгылара еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы адәныҟатәи аусқәа Рминистрра нахгара азҭоз ауаа рыбжьгарақәа адәныҟатәи аполитика азҵаарақәа рылацәажәараан даара хәарҭа злоу акакәны иҟалоит», –  ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Даур Ақаҩба.

Аиҿкаара аилазаара иара убас иалалеит Жәлар Реизара-Апарламент ахԥатәии аԥшьбатәии ааԥхьара Аиҳабы Ныгәзар Ашәба, атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ԥыхьатәи ихаҭыԥуаҩ Зураб Смыр,  иара убас Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц.

Аклуб аперспективтә хыдҵақәа ируакуп – Урыстәылеи Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәылақәеи рҿы иҟоу аиԥш-зеиԥшу аиҿкаарақәа аимадара рыбжьаҵара.

Иазԥхьагәаҭоуп аудиториа ду алархәра иазку астол гьежьқәа рымҩаԥгара аҳасабала аусура иаарту аформат амҩаԥгара. Агәаанагарақәеи аидеиақәеи реибыҳәара азы ааԥхьара рыҭахоит аполитикцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, ауаажәларратә еилазаара ахаҭарнакцәа, иара убас ажурналистцәа. Аиԥыларақәа рымҩаԥгара аҭыԥқәеи арыцхәи рзы адырра ҟаҵахоит аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара ԥыҭрааамҭак шьыбжьоу.  


Read 267 times - Аԥшьаша, 22 Рашәара 2023 18:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.