
pressadmin-2
УРЫСТӘЫЛА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АҲАЗЫЛХЫҨЦӘА РЏЬАШЫҚӘС АҨГАНКТӘИ АЗХАҴАРА АЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИЕИ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРЕИ ИРЫБЖЬАРҴАЗ АИҚӘШАҲАҬРА АРАТИФИКАЦИА АЗНАУИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә Дума аҩаша, жәабранмза 7 рзы имҩаԥысыз аилатәара аҿы аҳазылхыҩцәа рџьашықәс аҩганктәи азхаҵара азы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьарҵахьаз Аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аинформациатә Маҵзура ТАСС.
Аусшәҟәы анапаҵыҩра мҩаԥысит Аҟәа ақалақь, жәабранмза 18, 2021 шықәс рзы, иара убас Москва ақалақь, мшаԥымза 5, 2021 шықәса рзы.
АЛХАС КӘЫҴНИА УРЫСТӘЫЛА ИҞОУ ААХЫҴ УАԤСТӘЫЛА АЦҲАРАЖӘҲӘАРҬА ДАҬААИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Аферациа аҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит. Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Алхас Кәыҵниеи Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Знаур Гассиеви реиԥылара имҩаԥысит.
ЛАША АШӘБА ҬЫРҚӘТӘЫЛА ИҞОУ АԤСУЦА КУЛЬТУРАТӘ ЦЕНТРҚӘА РФЕДЕРАЦИА АХАНТӘАҨЫ ИХЬӠАЛА АДЫШШЫЛАРА ИШЬҬИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра инамаданы Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа Ахантәаҩы Мураҭ Махариа ихьӡала адышшылара ҟаиҵеит.
Адышшылараҟны иҳәоуп:
«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа, ҳтәыла ауааԥсыра зегьы реиԥш гәалсра дула ирыдыркылеит иахьа Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҟны иҟалаз адгьылҵысра ду ахҟьа-ԥҟьақәа. Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны ауаа аӡәырҩы ҭахеит, зықьҩыла ахәрақәа роуит, нхарҭада инхеит, рыцҳарас иҟалаз, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ҳџьынџьуаа – аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәагьы.
ИҲАҨСЫЗ АМЧЫБЖЬ АЗЫ 1 973 РҞЫНӠА АМҨАҾЫ АНЫҞӘАРА АԤҞАРАҚӘА РЕИЛАГАРАҚӘА ААРԤШХЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥгахаз акомплекстә реидтәи апрофилактикатәи аусмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны иҳаҩсыз амчыбжь азы иаарԥшын 1 973 рҟынӡа амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа реилагарақәа, ҳәа иаанацҳауеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ УРЫСТӘЫЛА АСТАНДАРТӘ АНАПХГАРАҬАРА АХАҬАРНАКЦӘА ДЫРԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Урыстәыла атехникатә ҭышәынтәалареи аметрологиеи рзы Афедералтә Маҵзура анапхгаҩы Антон Шалаев диԥылеит.
Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, астандартқәеи ахархәаратәии атехникатәии ахылаԥшра азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Нарсоу Сангәлиа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова.
Астандартизациа азы Аԥсни Урыстәылеи рхылаԥшырҭақәа рхадацәа Алеқсандр Анқәаб анапхгарабжьаратәи аиҿцәажәарақәа шымҩаԥыргаз, насгьы аусеицура аҳәаақәа рырҭбааразы азԥхьагәаҭарақәа шыҟарҵаз азы адырра ирҭеит.
Аиԥылара ахықәкы хаданы иҟан – астандартизациеи аметрологиеи аишьашәалареи рганахьала ахылаԥшырҭабжьаратәи аусеицура аҿиара. Аҩ-тәылак рхылаԥшырҭақәа ааигәатәи аусура аплан аҿы иҟоуп: аԥсуа ган урыстәылатәи аҳәынҭқарратә стандартқәа рбаза (амилаҭтә стандартқәа реизакхьӡынҵа) ахархәара алыршара, асасдкылара аиндустриа аганахьала аҳәынҭқарратә стандартқәа рхархәара азы аконсультациақәа рымҩаԥгара, Урыстәыла аҳәынҭқарратә стандарт аметрологиа Академиа аҟны аԥснытәи аспециалистцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхразы акурсқәа реиҿкаара.
Алеқсандр Анқәаб Антон Шалаеви Урыстәыла Аҳәынҭстандарт аусзуҩцәеи русуратә визит азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Уи ахылаԥшрабжьаратәи аизыҟазаашьақәа хра злоу аҩ-ганк еицырзыфеидоу акакәны ишыҟоу азгәеиҭеит.
«Ҳәоуеиқәшәарала ҳусеицура иабзоураны аҵыхәтәаны Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еикәыршара еизҳароуп», – ҳәа иажәа хыркәшо иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр.
ИЗАКӘАНЫМКӘА АКРИПТОВАЛИУТА АРҲАРА АҾАГЫЛАРА АЗЫ АРЕСПУБЛИКАТӘ ШТАБ АԤҴОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адҵа ала изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара азы Ареспубликатә Штаб аԥҵоуп. Аштаб анагӡаратә мчра аусбарҭақәа иарбоу ахырхарҭа ала русура акоординациа аҭара хықәкыс иамоуп.
Аштаб аилазаара аҿы иҟоуп:
Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб – аштаб анапхгаҩы;
Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы –Џьансыхә Нанба;
Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Ахьиба;
Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Ашәба;
Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор Хада инапынҵақәа назыгӡо Рамин Зингишвили;
Атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган;
Астандартқәеи ахархәаратәии атехникатәии ахылаԥшра азы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Нарсоу Сангәлиа;
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа.
АԤСНЫ АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНСТРРА ИЗАКӘАНЫМКӘА АКРИПТОВАЛИУТА АРҲАРА АҾАГЫЛАРА ИАЗКУ АУСУРА АРӶӘӶӘЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ахылаԥшырҭа аппарат Хада, ақалақьтә усбарҭақәеи араионтә ҟәшақәеи русзуҩцәа есыҽны акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәеи урҭ рымчхара арӷәӷәара азы атрансформатқәеи изакәанымкәа афымцацәаҳәақәа раҿакра аԥхьырҟәҟәаареи уаанӡа иаҿыхыз амаининг-фермақәа рхылаԥшреи иазкны ареидқәа мҩаԥыргоит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵо адыррақәа рыла, амилициа аусзуҩцәа иарбоу аппаратқәа Аԥсныҟа раагара аԥхьырҟәҟәаара хықәкыс иҟаҵаны, акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа рсервистә маҵзуреи раагареи иазкны, асоциалтә каҭақәеи рыла алаҳәарақәа рыҟаҵарала уахь иналаҵаны, аус зуа аиҿкаарақәа зегьы ргәаҭара мҩаԥыргоит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра «еиԥырҟьам аимадаратә цәаҳәа» шыҟоу ауааԥсыра иргәаланаршәоит.
АПРОКУРОР ХАДА АДГӘЫР АГРБА АТЕРРИТОРИАЛТӘИИ АҶЫДАЛКААТӘИ АПРОКУРОРЦӘА АЛАРХӘНЫ АУСУРАТӘ ЕИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба атерриториалтәии аҷыдалкаатәи апрокурорцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
2022 шықәса аҩбатәи ашықәсбжа азы аусура аплан инақәыршәаны, апрокуратура Хада атәылауаҩра-ӡбаратә усбарҭа «Аԥсны атәылауаа разыҳәамҭақәа рыхәаԥшра аԥҟарақәа рзы» азакәани Аџьатә закәанеидкылеи «Анагӡаратә усеиҿкаареи» рзы азакәани рынагӡара аганахьала ареспублика апрокуратура аусбарҭақәа 2020 шықәса актәи ашықәсбжа азы русура агәаҭара мҩаԥнагеит.
Аилатәара аҿы апрокуратура аусбарҭақәа инарыгӡаз, аплан ала иазԥхьагәаҭаз аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа, иара убас еиуеиԥшым аиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи рмаҵурауаа рыла аҭыԥаҿы хыхь иарбоу азинтә актқәа рынагӡара ахьынӡаалыршахаз азы 79 материал рыҭҵаара аихшьаалақәа ирыхәаԥшит.
АСЛАН БЖЬАНИА ДОНБАСС ИҬАХАЗ ҲЏЬЫНЏЬУАА АГӘЫМШӘАРАЗЫ АМЕДАЛ РАНАШЬАРА АЗЫ АУСԤҞА ИНАПЫ АҴАИҨИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Донбасс ауааԥсыра рзинқәа рыхьчара аан иаадырԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ԥсарашьҭахь Агәымшәара амедал ранашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит:
- Адлеиба Иракли Валериан-иԥа;
- Андрусенко Олег Лев-иԥа;
- Гадлиа Евгени Аполлон-иԥа;
- Лысенко Валери Владимир-иԥа;
- Тәанба Азамаҭ Виачеслав-иԥа.
АСЛАН БЖЬАНИА ВЫРАЗИЛ СОБОЛЕЗНОВАНИЕ БАШАР АЛЬ-АСАД ШЬАМТӘЫЛА ИҞАЛАЗ АДГЬЫЛҴЫСРА ИНАМАДАНЫ ДИДЫШШЫЛЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Шьамтәыла иҟалаз адгьылҵысра инамаданы Башар Хафез-аль Асад дидышшылеит.
Адышшыларатә шәҟәы атекст аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Шәаҳаракыра!
Гәалсра дула Аԥсны ирыдыркылеит Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҩада-мраҭашәаратәи апровинциақәа рҿы иҟалаз арыцҳара ду зцу адгьылҵысра азы ажәабжь хьанҭа.