АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Цәыббра.2023

Аҟәа ақалақь Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра иазку аоперациа алагара амш 30 шықәса ахыҵит.

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа  Аҟәа ақалақь Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра иазку ажәыларатә аоперациа алагара амш 30 шықәса ахыҵит.  

Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра иазкыз ажәыларатә операциа 11 мшы имҩаԥысуан.

Цәыббрамза 16, 1993 шықәсазы Аҟәа ақалақь ахырхарҭала ажәылара иалагеит, ҳәа иҩуеит аҭоурыхҭҵааҩ Уаликәа Ԥачлиа  ишәҟәы «Аԥсуа-қырҭуатә еибашьра» аҿы.  «Ахҭысқәа рыҿиара абасала имҩаԥысуан: 1-тәи амотохысратә бригада  (акомандаҟаҵаҩ В.Смыр, аштаб анапхгаҩы З. Нанба) ҩ-хырхарҭак рыла ажәылара иаҿын: мраҭашәаратәии алада-мраҭашәаратәии аганахьала, даҽакала иуҳәозар, Алада-Гәымсҭатәии Аҩада-Гәымсҭатәи ацҳақәа рҟынтәи. Абригада арратә хықәкы: аӷа игәиҽанӡамкәа аплацдармқәа раанкылара ашьҭахь, аӷа иҟынтәи Алада-Гәымсҭатәии Аҩада-Гәымсҭатәии ацҳақәа ҭарцәны, ихадоу ажәыларатә гәыԥқәа ақалақь ралаллара алыршара, ҵаҟантәи, Бзыԥтәи амҩаду ала Алашарбага аҳабла аганахьала, иара убас хыхьынтәи, - Афон Ҿыц-Аҟәа атрасса ала Аҟәатәи авокзал аҟынӡа. Аҩада-Гәымсҭатәи ацҳа аҭарцәра азы арратә хыдҵа Аԥснытәи ар иреиӷьу амотохысратә баталионқәа иреиуаз - 1-тәи абригада 1-тәи абаталион, ажәлар рҿы Ешыра-Афонтәи абаталион ҳәа изышьҭаз (акомандаҟаҵаҩ Ф. Ҭарба, аштаб анапхгаҩы – Г. Кецба) иадҵан. Ешыра-Афонтәи абаталион иадырҵеит Гәымсҭатәи афронт акомендантә рота (акомандаҟаҵаҩ В. Тәанба). 12 сааҭи 45 минуҭи рзы  Ешыра-Афонтәи абаталион 1-тәи арота Р. Смыр икомандаҟаҵарала ацҳа аанкыларазы ижәылеит, атрасса хадеи Гречко имҩеи  рахь ицәырҵит. Араҟа ҳаруаа аӷа иҿагылеит. Ԥыҭрак ашьҭахь уи иацлеит абаталион зегьы.  Убас ала, Ешыра-Афонтәи абаталион Гәымсҭа аԥшаҳәаҿы иҟаз «амармалташьтә цех» инаркны амҩа ахыкәшарҭа ааигәара, Цугуровка ашьха ашьапаҟынӡа рнапаҵаҟа иааргеит. Ешыра-Афонтәи абаталион иашьҭанеиуан 1-тәи абригада 4-тәи абаталион, даҽакала иуҳәозар,  амаршал Баграмиан ихьӡ зху аерманцәа рбаталион (акомандаҟаҵаҩ В.Косиан). Абаталион ахәҭак амашьынақәа рыла Алада-Гәымсҭатәи ацҳа иқәсны ԥхьаҟа ицеит, егьи ахәҭа шьапыла Гәымсҭа аӡиас ала иӡхыҵит. Ахыкәшарҭатә мҩа ала абаталион Аҩадатәи Иашҭхәа ахь ихаланы апозициа ааннакылеит. Абаталион ахықәкыс аман Лечкоптәи аԥсыжырҭа мрагыларатәи аган ахь ацәырҵра....

Убри аамҭазы Мрагыларатәи афронт аҿы ажәылара иалагеит 1993 шықәса, цәыббрамза  15 – 16 ауха.  Уи акомандаҟаҵара наигӡон Мираб Кьышьмариа. Ашьыжь шаанӡа, цәыббрамза 16 рзы Мрагыларатәи афронт иаҵанакуа х-полк ажәылара иалагеит. Актәи аполк акомандаҟаҵаҩ – амаиор Владимир Ануа, аҩбатәи аполк акомандаҟаҵаҩ – Заур Ҳаџьымба, ахԥатәи аполк акомандаҟаҵаҩ – амаиор Лаврик Миквабиа. Мрагыларатәи Афронт архәҭақәа хыдҵас ирыман – Кәыдрытәи ацҳа аанкылара, аиланхарҭатә ҭыԥқәа Аӡҩыбжьа, Ахалдаба, Аракьыч, Цагьера, Араду, Аныуаа-рхәы ахақәиҭтәреи анаҩс Кындыӷ Ҿыц ақыҭа аганахьала ажәылара иацҵаны, Мықә аӡиас инаркны Кәыдры аӡиас аҟынӡа анапаҵаҟа аагара. Иара убас Аӡҩыбжьантәи Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ахылаԥшра аҭара аҭахын. …

Цәыббрамза 27 рзы Аҟәа ақалақь агәы аанкыларазы мҽхакы ҭбаала ажәыларатә операциа алагеит. Ареспубликатә стадиони аџьармыкьа Хадеи рҟынтәи ақалақь агәы аганахьала ажәылара иаҿын 1-тәи абригада аҟәшеиҵақәа, Ареспубликатә прокуратура Хада ахыбра аҟынтәи Анапхгара Аҩны аганахьала ижәылон ҟабардатәи агәыԥи (акомандаҟаҵаҩ М. Шоров) аерманцәа рбаталион (акомандаҟаҵаҩ В. Косиан). Аладантәи анапхгара Аҩны аганахьала илбаауан  2-тәи абригада аҟәшеиҵақәа. Убри аамҭазы Анапхгара Аҩны ахь рхы рханы идәықәлон 1-тәи 2-тәи абригадақәа егьырҭ аҟәшеиҵақәагьы.  13 сааҭи 30 минуҭи рзы Анапхгара Аҩны азааигәара аиҿагылара ӷәӷәа ҟалеит. Ҩ-сааҭк рышьҭахь ари ахыбра аӷа иҟантәи ахы иақәиҭтәын. Уи иахашәыршәырит Аиааира абираҟ. Аҟәатәи ажәыларатә операциа амҩбаԥгараан аԥснытәи архәҭақәа рыла аӷа  2-тәи арратә корпус ықәган, хыԥхьаӡара рацәала атрофеитә аибашьратә техника: атанкқәа, аршьаҟа машьынақәа, артиллериатә бзарбзанқәа ргеит.

 

 


Read 219 times - Асабша, 16 Цәыббра 2023 13:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.