АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Цәыббра.2023

Аԥсуа патриотка Цаца Казанба Очамчыра ақалақь аҿы ҳаҭырла дыргәаладыршәеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  30 шықәса раԥхьа, цәыббрамза 16, 1993 шықәса рзы, Очамчыра  авокзал аплошьад аҿы ауаҩсахьа зцәыӡыз џьоукы рыла лыԥсы шҭаз дрыблит аԥснытәи апатриотка  Цаца Казанба.

Уи ҳаҭырла дыргаладыршәарц иааит Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа, Цаца Казанба лыуацәеи лҭынхацәеи, ауаажәларра рхаҭарнакцәеи ашколхәыҷқәеи.

Очамчыра ақалақьтә библиотека аҿы Цаца Казанба лгәалашәара иазкны агәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥысит.

Беслан Бигәаа, ари ахәылԥаз аҿы дықәгылауа, Цаца Казанба лганахьала иҟаҵаз агәыгшәыгра хыԥхьаӡара рацәала ақырҭуа фашистцәа инарыгӡоз ацәгьоурақәа ируакуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҳара ахаангьы иаҳхашҭраны ҳаҟаӡам ҭаацәала ианырбылуаз, аԥсышәала иахьцәажәоз, иахьхәыцуаз мацаразы иреихсны ианыршьуаз  аҭоурыхтә трагедиақәа ртәы. Арҭ ауаа рфырхаҵареи ргәымшәареи наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит», - ҳәа иҳәеит Беслан  Бигәаа. 

Ашколхәыҷқәа аибашьратә тематикала иҩу ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, Цаца Казанба лгәылацәеи илзааигәоу ауааи ргәы ԥшаауа уи лыԥсҭазаара иадҳәаланы ирымоу ргәалашәарақәа еиҭарҳәон.

Инга Казанба лышәҟәы «Очамчыра: 1992-1993 шш. аккупациа амшқәа» аҟынтәи: 

«Цәыббрамза 16 рзы аԥсуаа ажәылара ианалага, Очамчыра ақалақь аҿы инхоз аҭыԥантәи ақырҭуа уааԥсыра ԥаԥашькит, урҭ ашьакаҭәара азгәышьра рызцәырҵит.  Аԥсны аанырмыжьыр ада ԥсыхәа шырмоуа анеилыркаа, еилых ҟамҵаӡакәа ақалақь аҿы  ирымԥыхьашәоз аԥсуаа зегьы асадистцәа реиԥш аума рзааганы иршьуан.  Санду лыҩны иҩналеит, лара илеихсны дыршьит, уи лыԥҳа еиҵбы, сара саб иаҳәшьа Цаца Казанба дыкны згәахы ԥжәаны иҟаз цегератәи аҳәса ирҭаху лыларыгӡарц дрырҭеит. Урҭ рыцҳашьара ҟамҵакәа ирымԥыхьашәоз зегьы, алабақәа рыла илысуа, ахаҳәқәа  лгәыҵҵо лыԥҟара иалагеит, лыхцәы данкны анахь-арахь ддырҳәазон. Егьырҭ ауаа ракәзар, еизаны зхы ззымыхьчоз аԥсуа ԥҳәыс лышьра ишаҿу иахәаԥшуан. Убри аан аӡәгьы имҳәеит: «Шәызҿу закузеи! Ус ҟашәымҵан! Шәаангыл! ҳәа.  Сара саб иаҳәшьа рыцҳа, уаҩ иимбара ахьааи агәаҟреи шылхылгозгьы, уеизгьы убас дыҳәҳәон: «Ҳара ҳаԥсыуаауп! Ҳара ҳаиааиуеит! Аиашара ҳара ҳауп изтәу, ҳара ҳтәқәа хара имгакәа иаауеит, шәаргьы шәындырҵәоит, Аԥсны ҳара ҳадгьыл ауп!». Арҭ ажәақәа дара еиҳагьы идырбыжкит. Зыԥсы ахәага аарла иҭаз лара авокзалтә плошьадь аҿы днаганы амца лыцрарҵеит. Цаца уеизгьы лыԥсы лхыҵанӡа дыҳәҳәон абас: «Ари аԥсуа идгьыл ауп, ҳара ҳтәы иагоит! Усҟан агәылаԥҳәыс ус лҳәеит: «Аԥсуаа ус ибылуам, абензил лықәышәҭәа!» Егьи агәыла  убас иагьыҟаиҵеит. Сара саб иаҳәшьа лҟынтәи акагьы аанымхаӡеит …»

Цаца Казанба дҭахеит асааҭ акы инарзынаԥшуа. 20 минуҭ рышьҭахь ари аҭаацәа рааигәарацәҟьа инхоз ргәылацәа - Роман Заракуеии Џьамбул Харчлааи (урҭ илбеит ргәыла ӡӷаб) ҿыц ашьа акаҭәара иазгәышьуаз гәыԥҩык рыцны аԥҳәыс бырг, Цаца лан – Жениа Алиас-иԥҳа лышьрзы иааит.   Уи изныкымкәа-иҩынтәымкәа аҳәызба лыларҵеит, нас лымгәацәа иақәкны илеихсит. Лара лыԥҳа еиҳабы Цуца уи аамҭазы агәылацәа рҿы лҽыҵәахны дыҟан, лан лыԥсымҭаз лыҳҳәабжь ллымҳала илаҳауан.

Асааҭ жәаба ауха, лаҳәшьеиҵбы аԥсышьацәгьа шлоуз ззымдыруаз Цуца, алашьцара лҽалакны авокзал иаԥну аплошьад ала даауан.  Авокзал ахыбрахь уназго амардуаҿаԥсақәа рҿы, иара убас авокзал ахыбра иадгылаз аҿхышәқәа рҿы итәан гәыԥҩык ақырҭуа гвардеиццәа, аха урҭ насыԥны дара рылаԥш дыҵамшәаӡеит. Цаца дахьҭахаз аҭыԥ аҿы макьана амца ҿымцәааӡацызт...

Цаца лыуацәа нас дахьырыблыз аҭыԥ аҿы ауаҩ ишша ацәа еиԥш иалашәхьаз лыхцәы шьыҵәра заҵәык ауп ирыԥшааз. (Цуца лажәақәа рыла, 2-3 шықәса рҟынӡа, атрагедиа ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы, Цаца лцәеижь аҟынтәи амца иарҭәаз ашша, акаҭран иахьалалаз ицәырҵыз аҩаза убон). Мызқәак рышьҭахь арҭ ахәыцәхәыц аҩны иаанхаз Цаца лымаҭәақәак ацны ааигәа иҟоу аԥсыжырҭа аҿы лани лаби рывараҿы анышә иамадахеит.  

 

 

 


Read 181 times - Асабша, 16 Цәыббра 2023 15:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.