АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Цәыббра.2023

10 – ҩык амашьынарныҟәцҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы акразы амашьынарныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа рымхын, иара убас ахараԥса ашәара рықәҵахеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа амҩатә шәарҭадара аиқәыршәара иазкны акомплекстә реидтә профилактикатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагоит. Абри атәы аанацҳауеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Ареидтә усмҩаԥгатә аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадууеи рхылаԥшрала имҩаԥысуеит.

Имҩаԥгаз акомплекстә реидтә профилактикатә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, ижәны амашьына аԥсҟы зкыз 10-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа аарԥшхеит.  Урҭ зегьы агәаҭара ианахыс ашьҭахь, 6 мыз рҟынӡа автотранспорт аныҟәцара азы азин рымхын. Зынӡа иаарԥшхеит 232 административтә зинеилагара.


Read 196 times - Ахәаша, 15 Цәыббра 2023 15:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.