
pressadmin-2
АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АХҴӘАЦӘА АԤСНЫҞА РЫРХЫНҲӘРА ИАЗКНЫ АҚЫРҬУА АКТИВИСТЦӘА ИМҨАԤЫРГО АКЦИА АПРОВАКАЦИАТӘ ҞАЗШЬА АМОУП ҲӘА АҲӘАМҬА АЛАНАРҴӘЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Қырҭтәыла иахьаҵанакуа, Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа азааигәара, ақырҭуа хҵәацәа Аԥсныҟа рырхынҳәра азы ааԥхьарақәа ахьыҟаҵаз, ақырҭуа активистцәа рыла еиҿкааз акциа мҩаԥысит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ас еиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа аҳәаа иаԥну азона аҿы ҩаԥхьа аҭагылазаашьа адестабилизациа иазку провакациак аҳасабала иахәаԥшуеит.
«Аҭыԥ дуқәа аанызкыло ақырҭуа маҵурауаа Қырҭтәыла иҟоу апробемақәа ҭынч мҩала аӡбаразы агәҭакқәа амоуп ҳәа аҳәамҭақәа шыҟарҵогьы, аус аҿы Қырҭтәыла ҳрегион аҿы ашәарҭадара ашьаҭақәа рышьақәҟьара зылшо еиуеиԥшым ашьаҿақәа ҟанаҵоит»,-ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз Ахцәажәара аҿы.
АРЕСПУБЛИКА АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРЕИ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АШӘАРҬАДАРАЗЫ АФЕДЕРАЛТӘ МАҴЗУРЕИ РЫМЧРАТӘ СТРУКТУРАҚӘА ЕИЦЫМҨАԤЫРГОЗ АТЕРРОРИСТҾАГЫЛАРАТӘ ҼАЗЫҞАҴАРАҚӘА ИРЫЛАХӘЫН.
Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атерроризми аполитикатә екстремизми рҿагылара иазку ахылаԥшырҭабжьаратәи атактикатә ҽазыҟаҵарақәа «Порт-2022» Аҟәатәи амшынбаӷәаза иахьаҵанакуа имҩаԥысуан.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба иҟаиҵаз адҵа ала, ахылаԥшырҭабжьаратәи атактикатә ҽазыҟаҵарақәа рылахәхара азы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ирласу анырра аҭаразы иҷыдоу аотриад хаҭалатәи аилазаара аҟынтәи агәыԥ аԥҵан.
Аҽазыҟаҵарақәа рхы аладырхәит аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура, аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы, Аҳәынҭқарратә Еилакы «Аԥсны амшынӷбаныҟәареи» Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадаразы афедералтә Маҵзуреи рҟынтәи еизаку агәыԥқәа рхаҭарнакцәа.
Аихшьаалатә цәаҳәақәгылараҿы аусмҩаԥгатә алахәылацәа қәҿиарала аҽазыҟаҵарақәа рхыркәшара рыдиныҳәалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада Аслан Бжьаниа.
УААНӠА ЗГАНАХЬАЛА АШЬАУСԤШААРА ХАЦЫРКЫЗ ҬЕМЫР ЧИЧБА ДААНКЫЛОУП.
Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 21, 2022 шықәсазы ироуз аоперативтә информациа ала Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа рубарҭа ашьаусԥшаара аусзуҩцәа уаанӡа зганахьала ашьаусԥшаара хацыркыз Чичба Ҭемыр Дианбеи-иԥа даанкыланы аамҭалатәи Аԥхьакырҭа ахь днаган. Аԥсны апрокуратура Хада асаит аҟны иҟоу адыррақәа рыла, Гәдоуҭа араион Апрокуратура имҩаԥнаго аусеилыргара ала Чичба Ҭемыр Дианбеи-иԥа Аԥсны Аусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99, ахәҭа 1 иарбоу ацәгьоура аҿы дыгәҩароуп.
Абҵарамза 23, 2019 шықәса рзы, ашарԥазы, асааҭ ԥшьба инаркны фба рҟынӡа, Чичба Ҭ.Д., аҩны дшыҟаз (ақ.. Гәдоуҭа, Зыхәба имҩа, аҩны №22) имаз ашәарыцага шәақь ала уаанӡа иҟалахьаз аҭаацәаратә конфликт иахҟьаны Котуа Т.Г. ихәда инақәыршәаны дхысит, уи иахҟьаны изеихсыз иара уааҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит.
АҚАЛАҚЬТӘ ӠБАРҬА АЛМАС ЏЬАПУА АҨНЫТӘ БААНДАҨТӘРА АЛА АХЬЫРХӘРА ИЗАЛХРА МАП АЦӘКРА АЗЫ АӠБАМҬА АДНАКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 22, 2022 шықәса рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахь Аҟәа ақалақь ала аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аҭҵаара аҟәша аиҳабы Мархолиа И.В. иҟынтәи ЏЬАПУА Алмас Севериан-иԥа иганахьала аҩнытә баандаҩтәра алхра азы аҳәара аашьҭын, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь аӡбарҭа асаит.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ԥыхьатәи адепутат Алмас Џьапуа Аԥсны Аусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 207, ахәҭа 1 (амбжьахра, ауаажәларра аҳаҭырдарала рызныҟара аазырԥшны, абџьар, мамзаргьы абџьар аҳасабала рхы иадырхәо амаҭәарқәа рхархәарала ауаажәларратә еиҿкаара ӷәӷәала аилагара), ахәҭаҷ 217, ахәҭа 1 (амцабџьари уи ахәҭа хадақәеи, аџьаԥҳани иԥжәо амаҭәашьарқәеи арҭҟәацгақәеи изакәанымкәа аахәара, аҭара, аҭира, аҵәахра, аиагара, мамзаргьы аныҟәгара), ахәҭаҷ 164, ахәҭа 1 (атәым мазара гәҭакыла аԥхасҭатәреи ақәгареи, иарбоу ахымҩаԥгашьа акыр азарал аҭара) инарықәыршәаны ацәгьоурақәа рынагӡара аҿы дыгәҩароуп.
АПАРЛАМЕНТ АҾЫ АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АНАПХГАРАҬАРА ИРԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Аԥсны атәылахьчара Аминистрра ахаҭарнакцәа ирԥылеит. Аиԥылара рхы аладырхәит атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, уи ихаҭыԥуаҩцәа Беслан Ҵәыџьбеи Нодар Аҩӡбеи, иара убас Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб Хада аиҿкаара-мобилизациатә усбарҭа анапхгаҩы Едуард Бондарь, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит.
Аиԥылара аартуа, Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иахьатәи аиԥылара амҩаԥгара адепутатцәа атәылахьчара Аминистрра анапхгараҭара ахь ирымоу азҵаарақәа жәпакы аҭак аиура инамаданы ихымԥадатәиин ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ҳара иахьатәи ҳаиԥылара аҿы иҟоу апроблемақәа ҳрылацәажар ҳҭахын. Уи ҳгәыла –ҳастратегиатә партниор иҿы ишьақәгыло аҭагылазаашьа, иара убас мрагыларатәи ҳгәылацәа рҿы имҩаԥысуа апроцессқәеи ирыдҳәалоуп. Арҭ апроцессқәа ҳауаажәларра агәҭынчымра рызцәырнагоит, ҳара урҭ иахьатәи ҳаиԥылараҿы ҳалацәажәар ҳҭахын», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
АԤСНЫ ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА АХЬ ИНАГОУП 20 ТОНН РҞЫНӠА АМЦАРЦӘАРААН РХЫ ИАДЫРХӘО АШӘАХ ААЗЫШЬҬУА АИҚӘЫРШӘАГАҚӘА.
Аҟәа. Цәыббрамза Сухум. 23 сентября 2022. Апсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь инагоуп 20 тонн рҟынӡа инеиуа амцарцәараан рхы иадырхәо ашәах аазышьҭуа аиқәыршәагақәа, ҳәа иаанацҳауеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
Атәыла амцарцәаратә ҟәшеиҵақәа ирымоу амцарцәаратә еиқәыршәагақәа рхыԥхьаӡара ацҵара азы алшарақәа роуеит. Ашәах аазышьҭуа аиқәыршәага атәыла аиқәырхагатә хылаԥшырҭа ишьақәырӷәӷәаз ахарџьынҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарратә биуџьет аԥаратә хархәагақәа рыла иаахәан.
ЦӘЫББРАМЗА 25 РЗЫ АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСУЕИТ IX ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҾАРТӘ АРТ-ФЕСТИВАЛЬ «АԤШАҲӘАҾЫ АНЕИААИРА».
Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 25 рзы Аҟәа ақалақь аҿы актәи аԥсуа романист Иван Гьаргь-иԥа Папасқьыр диижьҭеи 120-шықәса аҵра инамаданы IX Жәларбжьаратәи аҿартә арт-фестиваль «Аԥшаҳәаҿы анеиааира» мҩаԥгахоит.
«Афестиваль амҩаԥгара ахықәкы хаданы иҟоуп – ашәҟәыԥхьара, ашәҟәқәа, алитературатә ҟазара аиҳарак аҿар реилазаара аҟны апропагандеи апопулиаризациеи; аинтеллектуалтә ҿиара азы зегьы раасҭа иманшәалоу иақәнагоу аҭыԥ аҳасабала абиблиотекақәа рпопуляризациа», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека адиректор Борис Ҷолариа.
Уи иажәақәа рыла, ари ахықәкы анагӡара азы Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи афестиваль алахәхаразы радыԥхьалара иазкны еиуеиԥшым аформақәеи аметодқәеи ахархәара роуеит, акультура, аҟазара, ажәлар рҟазара иадҳәалоу еиуеиԥшым ажанрқәа рыдгалара азы афестиваль атерриториақәа еиҿкаахоит.
Афестиваль апринцип хадақәа ируаку уи ашьақәгылашьеи аиҿкаареи алахәылацәа рзы еиԥш аҭааҩцәа рызгьы имарианы аилкаара алыршара, арманшәалара.
Афестиваль рхы аладырхәыр алшоит уи азы агәазыҳәара шрымоу азы аиҿкааратә комитет ахь азыҳәамҭа алазҵаз зегьы.
«АХӘЫҶҚӘА РЫԤСҬАЗААРА АШӘАРҬАРА ДУ ИҬАЗЫРГЫЛО АХӘМАРРАҚӘА РАЦӘЫХЬЧАРАЗЫ ИҞАҴАТӘУЗЕИ?»: АҞӘАТӘИ АБЖЬАРАТӘИ АШКОЛ №1 АҾЫ ЗЫҚӘРА НАӠАМ ХЫЛАԤШРАДА АИНТЕРНЕТ РХАРХӘАРА ИАҴОУ АШӘАРҬАРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/ Лана Ҵәыџьба/. Б. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аҿы имҩаԥысит алекциа Ахәыҷқәа рыԥсҭазаара ашәарҭара ду иҭазыргыло ахәмаррақәа рацәыхьчаразы иҟаҵатәузеи?». Уи иаԥхьеит ААУ аҿы алекциақәа ирыԥхьо, апсихолог, ауаажәларратә еиҿкаара «Панорама» ахаҭарнак Елана Кортуеи аклиникатә психолог-дефектолог Иулиа Дубицкаиеи.
Алекциа рхы аладырхәит арҵаҩцәа, апсихологцәа, ареспублика ашколқәа зегьы рҟынтәи аҭаацәатә комитетқәа рлахәылацәа, иара убас Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи рхаҭарнакцәа.
Аусмҩаԥгатә аиҿкаара ахахьы иагеит атәыла аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрра.
Алекциа алагаанӡа атәыла аҵарадырреи абызшәатә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиа, ари аусмҩаԥгатә аиҳарак аҭаацәаратә комитетқәа рхаҭарнакцәа роуп иззырхоу ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит: ««арҵаҩы-аҭаацәа» рыбжьара иӷәӷәоу аимадара ада ҳара иҳалшарым реиҳабацәа реиԥш даргьы раамҭа аиҳарак аинтернет-ҵакыра аҿы изхызго ахәыҷқәа ршәарҭадара иадҳәалоу иуадаҩу апроблема аӡбара».
«АДИПЛОМАТИА - АРИ АИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА РҬЫШӘЫНТӘАЛАРА ИАЗЫРХОУ МҨОУП": АМЕДИАЦЕНТНР АҞНЫ ИАЛАЦӘАЖӘЕИТ АТӘЫЛА АҨНЫҴҞА ЕИԤШ УИ АНҬЫҴГЬЫ ИШЬАҚӘГЫЛАЗ АУААЖӘЛАРРА-ПОЛИТИКАТӘ ҬАГЫЛАЗААШЬА.
Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Иахьа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр аҟны аԥыза ҿарацәеи атәыла адәныҟалолитикатә Хылаԥшырҭа анапхгаҩы Инал Арӡынбеи реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара хықәкыс иаман аҿар актуалра злоу раԥшьгарақәа рынагӡара азы аплан еилахәны аус адулареи, ҳаамҭазы иҟоу ашәарҭарақәеи ақәмақаррақәеи ақәыӷәӷәарақәеи рылацәажәареи анализ рзуреи.
Аиԥылара аартуа, Инал Арӡынба «иахьатәи ҳаиԥылара амшхәаԥштә акыр иҭбаауп, уи зегьы раԥхьаӡа иргыланы, Аԥсны акәша-мыкәша ишьақәгыло аҭагылазаашьа иадҳәалоуп. Шәара, аԥхьаҟа испециалистцәахараны иҟоу раҳасабала ижәдыруазар акәхап уи акыр аибарххара шаҵоу, саргьы даара сазҿлымҳауп уи аганахьала шәгәаанагара азыӡырҩра».
Аиԥылара зхы алазырхәыз Аԥсны Аҳәынҭқарра аиустициа аминистр Анри Барцыц азҵаарақәа жәпакы рыла аҿар рҟынтәи «аргуменқәа рыла ишьақәырӷәӷәоу апозициа» шиаҳауа азы агәыӷра шимоу азгәеиҭеит.
Раԥхьа дықәгылеит аволонтиортә еиҿкаара ацентр «Аԥеиԥш» ахаҭарнак Саид Кәланба. Уи Аԥснытәи аҿар Урыстәылатәи рықәлацәеи дареи ирыбжьоу аимадара атәы далацәажәеит. Ҿырԥштәыс иаагозар, аплатформа «Аԥсны аԥеиԥши» «Урыстәыла – алшарақәа ртәылеи» рыбжьара аусеицура абжьаҵара азы аиқәшаҳаҭра абжьаҵара алыршахеит. Уи иара убас, «Аиаша аҿы ауп амч ахьыҟоу» ҳәа хыс измоу ауаажәларратә еилазаара аԥҵара иаҿуп ҳәа иазгәеиҭеит. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп Урыстәыла, ахәҭакахьала сынтәа 70-шықәса зхыҵуа хаҭала Владимир Путин адгылара рыҭара иазкны еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара.
АТУРИЗМ АМИНИСТРРА АҾЫ АХЫЛАԤШРА ИАҴАНАКУА АТУРИСТТӘ ОБИЕКТҚӘА РУСУРА АБЖЬАКӠАРАТӘ ЕИХШЬААЛАҚӘА ҞАРҴЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атуристтә аамҭахәҭа абжьакӡаратә еихшьаалақәа рыҟаҵара иазкын атәыла атуризм аминистр Ҭеимураз Хьышба атуризм Аминистрра аситема иаҵанакуа аҳәынҭқарратә унитартә наплакқәа рдиректорцәа алархәны имҩаԥигаз аусуратә еилатәара. Абри атәы аанацҳауеит атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.
Аилатәара рхы аладырхәит Апансионатқәа Реидгылара «Акурорт Пицунда» адиректор Фрикан Гәынба, Афонҿыцтәи аҳаԥы Акомплекс адиректор ихаҭыԥуаҩ Дамеи Смыр, апансионат «Аиҭар» адиректор Ҭемыр Адлеибеи амилаҭтә туристтә Еилазаара «Атурист» адиректор Руслан Кокосқьериа, иара убас атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩцәа Дмитри Занҭариеи Асҭамыр Барцыци.