АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 14:59

Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иаалырҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз Анатоли Лагәлаа иуацәеи иҭынхацәеи гәалсра дула ирыдышшылоит

Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа гәалсра дула ирыдыркылеит иналукааша аԥсуа поет, апрозаик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу, Д.И.Гәлиеи Т.Шь. Аџьбеи рыхьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиақәа рлауреат, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, Асовет Еидгыла (1989), Урыстәыла (1999), Аԥсны рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла Анатоли Ианкәа-иԥа Лагәлаа.
Анатоли Ианкәа-иԥа Лагәлаа аԥсуа литератураҿы наунаӡа ишьҭа аанижьит. Уи ихьӡ лаша иҩызцәа, иҭынхацәа, ибаҩхатәра ҳаҭыр ақәызҵо зегьы ргәалашәараҿы иаанхоит.

Read 22 times - Ашәахьа, 16 Жәабран 2026 12:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.