Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуристтә операторцәа Рассоциациа иалнакааит Урыстәыла атәылауаа аԥсшьаразы еиҳа иалырхуа атәылақәа. Урыстәылатәи атуристцәа аҳәаанырцә аԥсшьара ахәԥса 50% рыла иахьазҳаз митәык хьаас иҟамҵакәа рыԥсшьара азԥхьагәарҭоит.
Убас Ҭырқәтәыла актәи аҭыԥ ааннакылоит. Араҟа аԥсшьаразы ибжьаратәу ахәԥса 265 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит Аԥсны. Арахь иаар алшоит 1 млн. ҩык рҟынӡа урыстәылатәи атуристцәа. Атур абжьаратәи ахәԥса 80 нызықь мааҭ рҟынтәи 100 нызықь мааҭ рҟынӡа итәоит.
Египет ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит. Иҟоу азԥхьагәаҭарақәа рыла, аԥхынразы уахь ицараны иҟоуп 300 000 – ҩык инарзынаԥшуа урыстәылатәи атуристцәа. Ҩыџьа рзы атур ахәԥса 200 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.