pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу аҳәынҭқарратә былрацәыхьчаратә маҵзура Академиа аҿы аҵара иахысуа ааҩык аԥснытәи акурсантцәа аҭоуба шьҭарҵеит. Ацеремониа мҩаԥысуан Москва ақалақь, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  

Акурсантцәа рахь иҟаиҵаз адныҳәаларатә шәҟәы аҿы Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа ас еиԥш акыр зҵазкуа ахҭыс рыдныҳәало имариам раԥхьаӡатәи рзанааҭтә мҩа аҿы аихьӡарақәеи ақәҿиарақәеи рзеиӷьаишьеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ахәылбыҽха, цәыббрамза 19 рзы Аҟәа ақалақь, Кольцеваиа амҩала игылаз ацхыраагӡатә хыбра амца акит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Амцакразы адырра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥыԥшырҭатә пункт ахь иҟалеит асааҭ 20 рзы. Амцарцәаҩцәа иаразнак ала амцакра ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеины амца арцәара рылдыршеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2022шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова дидикылеит.

Ҳазҭоу ашықәс цәыббрамза 1 азы змаҵура анагӡара иалагаз Залина Кобесова аԥсшәа лаҳәо, аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит лыҵшәа змоу аусура дшазыԥшу.

«Агәра згоит аекономикатә хырхарҭақәа рыла ҳусеицура акырӡа ишеиӷьхо.  Ҳаизыҟазаашьақәа рырҿиараҿы адгылара ҟаҳҵалоит», - иаҵшьны иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны  адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәынҭқарратә ныҳәа – Ареспублика Амш инамаданы, Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахь адныҳәаларатә нота дәықәнаҵеит. 

Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

“Цәыббрамза 20 рзы Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аԥҵара Амш 32 шықәса ахыҵра азгәарҭоит.   

Цәыббрамза 20, 1990 шықәазы иҟалаз Аахыҵ Уаԥстәыла Асоветтә Демократиатә ҳәынҭқарра ахьыԥшымра адеклорациа адкылара – аҳәынҭқарра аҭоурых аҟны ихадаӡоу хҭысуп. Ари амш Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар ргәымшәареи ракзаареи, рџьынџьтәыла ахь ирымоу абзиабареи иасимволны иҟалеит. Ари амш аҽны ажәлар рдепутатцәа Рхеилак  автономтә област астатус Асовет Еидгыла аилазаара иалоу Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Асоветтә Демократиатә Республика аҟынӡа ашьҭыхразы аӡбамҭа рыдыркылеит. Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Асоветтә демократиатә республика алаҳәара мҩаԥнагеит.    Амилаҭтә суверенитет азы адекларациа рыдыркылеит. Ари аӡбамҭа  ареспублика ахьыԥшымреи жәларбжьаратәи азхаҵареи рзы раԥхьатәи шьаҿақәаны иҟалеит. Убас иаԥҵан Аахыҵ уаԥстәылатәи Ареспублика.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Москваҟа иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра амашәырцәгьақәа рмедицина азы афедералтә Центр адиректор актәи ихаҭыԥуаҩ Анатоли Гулин диԥылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура. Едуард Быҭәбеи Анатоли Гулини азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит:

- аԥсабаратә цәырҵрақәа ирыдҳәалоуи атехногентә ҟазшьа змоуи аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан амедика-санитартә хҟьаԥҟьақәа рықәгара;

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акультура ԥыхьатәи аминистр Гәыдиса Агрба абҵарамза  16, 2022 шықәсанӡа аҩнытә баандаҩтәра ахь доушьҭуп. Ари аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аҟны.  

Цәыббрамза 12, 2022 шықәса рзы Аԥсны Апрокуратура Хада  аусеилыргаратә усбарҭа аусеилыргаратә ҟәша аусеилыргаҩ еиҳабы Ҭаркьыл А.Б. иҟынтәи  Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахь инашьҭын акультура ԥыхьатәи аминистр Гәыдиса Агрба иганахьала ҭакрала ахьырхәра ацҵара азы аҳәара.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла Анапхгара Аҳәынҭқарратә Дума ахь аратификациа азура азы инарышьҭит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара Аԥсны аекспорттә кредит азоужьра азы аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагалара азы аԥкаанҵа, ҳәа адырра ҟанаҵоит аинфомациатә Маҵзура ТАСС. Аусшәҟәы апарламент аладатәи апалата адыррақәа релектронтә база аҿы икьыԥхьхеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 16 рзы Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Гагра ақалақьтәи аҟәша аԥыԥшырҭа-еиқәырхаратә Отриад аԥсеиқәырхаҩцәа ироуз адырра ала  Гагра араион Аибӷа ақыҭахь амҩа иқәлеит. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Луганск ақалақь аҿы инхо, аха уажәы Аибӷа ақыҭаҿы иҟаз 1978 шықәса рзы ииз Вухрева Татиана Иури-иԥҳа  илымаз агәаҵәачымазара ахҟьаԥҟьа лызцәырҵра иахҟьаны иаарласны ахәышәтәырҭахь днагатәхеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа 29 - шықәса ахыҵра аламҭалазы, Очамчыра араион Мықә ақыҭан «Мықәашҭа» адәы аҿы ажәлар рныҳәа, аҽырыҩра, итрадициатәу аицлабрақәа, уҳәа рымҩаԥгара иазкны аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит, ҳәа иаанацҳауеит Очамчыра араион Ахадара.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аделегациа Брианск ақалақь Амш азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа ахы аланархәуеит. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба напхгара зиҭо аделегациа алахәылацәа агәалашәаратә ҭыԥқәа - амемориалтә комплекс «Хацунь», «Апартизанцәа рыдәҳәыԥш» ирҭааит. Урҭ 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит, амемориалқәа рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, ҳәа иаанацҳауеит Аҟәа ақалақь Ахадара асаит.  

Акомплекс «Хацунь» Брианшьина иҟаз афашисттә режим иалаӡыз ргәалашәара анаунагӡара иазкуп. Амемориал аҿы анышә иамадоуп иҭахаз аҭынч уааԥсыреи асолдатцәа-аиқәырхаҩцәеи.  Араҟа иара убас иҟоуп амузеи. Уаҟа ицәыргақәҵоуп афашистцәа Брианск аҭынч уааԥсыреи апартизанцәеи цәгьаԥсышьа шрырҭоз зырҵабыргуа аршаҳаҭгақәа.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.